АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Рашәара.2023

Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак ахәаԥшразы ицәыргаз Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа рзы азакәан ахь 35 арҽеирақәа рҟынтәи 13 иазықәшаҳаҭхеит.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Рашәарамза 15 рзы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәараРашәарамза 15 рзы имҩаԥысит Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Ахада иабжьгаҩ Лолуа Р.В. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара азинтә ҟәша аиҳабы Гәниа А.А. злахәыз Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак аилатәара 2-тәи аԥхьараан ахәаԥшра азырхиаразы абарҭ азакәанапроектқәа:

«1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аибашьратә хҭысқәеи рзы»; 

«Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥаразы»;

«1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыраҟны аибашьратә хҭысқәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан адкылара инамаданы Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә актқәак аԥсахрақәа ралагаларазы».

Аилатәара мҩаԥигон Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак ахантәаҩы Шергелиа Т.А.

Ажәалагала ҟаҵаны дықәгылеит Аилак алахәҩы, АП «Амцахара» аҟәытәи аҟәша ахантәаҩы Герхьелиа А. Б.. Уи иазгәеиҭеит акыраамҭа раахыс зыдкылара аҭахны иҟаз аветеранцәа рзы азакәан, уи 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра ҟалаанӡа адкылара.

Ирыхәаԥшит аветеранцәа азакәан аҟны 35 рҽеира, урҭ рахьтә 13 ирықәшаҭын, 11 рҽеира  амилаҭ-хақәиҭра қәԥаразы азакәан, урҭ рахьтә ирыдыркылеит 2.

Ахцәажәарақәа реихшьалақәа рыла Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак азыӡба аднакылеит азакәанԥҵаратә аԥшьгара азин асубиекти аветерантә еиҿкаарақәеи рыҟнытә иааиз изықәшаҳаҭу арҽеирақәа  азакәанапроектқәа ртекстқәа рылагалара ашьҭахь ааигәа имҩаԥысуа асессиа аилатәараҟны ацәыргаразы, ҳәа адырра ыҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит аҿы.


Read 294 times - Аԥшьаша, 15 Рашәара 2023 22:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.