АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Рашәара.2023

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Ԥсоу аӡиас аҿы хабарда ибжьаӡыз ахаҵа иԥшаара мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Шәагаала имаҷу аӷбақәа рзы Аҳәынҭқарратә инспекциа аӡхәыҵалацәа, Гагра ақалақь абылра-хьчаратә отриад аусзуҩцәа, ареспублика азинхьчаратә усбарҭақәа, иара убас урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рашәарамза 15 рзы, ашьыжь шаанӡа аҟәара аҟынтәи аӡиас Ԥсоу ахь иԥаз Урыстәыла атәылауаҩ Сергеи Проидин иԥшаара мҩаԥыргоит, ҳәа иаанацҳауеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Иҟалаз ахҭыс зыблала избаз ракәхеит аԥснытәи амилициа аусзуҩцәа. Урҭ роуп иҟалаз ахҭыс азы аиқәырхаҩцәа адырра рызҭазгьы. Иҷыдоу аҭагылазаашьа азы адырра Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аԥыԥшырҭатә пульт ахь иҟалеит аԥшьаша, рашәарамза 15, ашьжьымҭан, асааҭ 8 рзы», - ҳәа иазгәаҭоуп  адырраҭара атекст аҿы.

Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рҿы рхы иадырхәоит акатер.  Аха Ԥсоу аҟәара аӡиас аҩганк рҿы имҩаԥгаз аԥшааратә усмҩаԥгатәқәа макьаназы илҵшәаданы иаанхоит. Аԥшаарақәа рашәарамза 16 рзы ирыцҵахоит. 


Read 320 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.