АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Рашәара.2023

Сергеи Тәанба ауаҩы ишьразы 9-шықәса ҭакрала ахгара иқәҵоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араионтә ӡбарҭа жьҭаарамза 15, 2022 шықәсазы Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭан  Мушба Оҭари Алықьса-иԥа гәҭакыла ишьра аҿы ахара зду Тәанба Сергеи Виссарион-иԥа иганахьала ахарадҵатә шьауӷақәҵа аднакылеит.

Апрокуратура Хада асаит аҿы иҟоу адырра ала, Тәанба Сергеи Виссарион-иԥа иарбоу ацәгьоура аҿы ахара идҵоуп, ахьырхәра аҳасабала 9 шықәса ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы аҭакрала ахгара иқәҵоуп.

Заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭала иҟаҵоу алкаа инақәыршәаны, Тәанба С.В. жьҭаарамза 15, 2022 шықәсазы, Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу аус зымуа арыцлагарҭа зауад ахьчаҩцәа руада аҿы иџьброу арыжәтә идкыланы дшыҟаз, Мушба Оҭари Алықьса-иԥеи иареи ргәы нибархеит. Ирыбжьалаз аимак–аиҿак аҿы Тәанба С.В. игәы ааибаган, имԥыхьашәаз ачыстә ҳәызба аашьҭыхны Мушба О.А. игәахьы ҩынтә дыкшеит. Мушба О.А.  игәышԥи ижәҩахыри рахь иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны аҭыԥаҿы иԥсҭазаара далҵит.

Тәанба С.В. идҵоу ахара дақәшаҳаҭымхаӡеит.

Ахарадҵатә зыӡба ихарҭәаау аверсиа анроулак ашьҭахь, аусеилыргара иалаху аганқәа 15-мшы ирылагӡаны иреиҳау аинстанциа ашҟа аӡбарҭа аӡбамҭа иазашшыр алшоит.

Иарбоу аусеилыргара аҿы зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа ахарадҵатә ӡбамҭа азинмчы аиуаанӡа ахара рыдӡам ҳәа иԥхьаӡоуп. 


Read 299 times - Аԥшьаша, 15 Рашәара 2023 23:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.