Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Сынтәа Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҿы асас-ҳәынҭқарраны иҟалеит Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны, хыԥхьаӡара рацәала аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥгахеит, урҭ рхықәкы хаданы иҟалеит Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа рекономикатә потенциал аӡыргара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аусмҩаԥгатә зхы алазырхәыз – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аԥсны Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа аинвестициа-економикатә ус ацура иазхиоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Инал Арӡынба иара убас Петербургтәи жәларбжьаратә аекономикатә Форум аҿы иҟоу Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа апавилион даҭааит.
«Еидгылоу Арабтәи Емиратқәа исуверентәу адәныҟаполитикатә курс мҩаԥыргоит, Урыстәыла аизыҟазаашьақәа дырӷәӷәоит, адунеи атәылақәа жәпакы рзы узықәгәыӷыр ҟало апартниор иаҳасабала иқәгылоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Инал Арӡынба.
Хара имгакәа Аԥсни Емиратқәеи рыбжьара аҩганктәи абизнес-миссиақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Аҩ-ҳәынҭқаррак рҟынтәи анаплакыҩцәеи аусдкылаҩцәеи атәылақәа рыбжьара аинвестициа-економикатә еимадара абжьаҵара азы иҟоу аҭагылазаашьақәа ҭырҵаауеит.
«Ҳара зысасгәашә аарту ҳажәлар ас еиԥш асас дахьқәа рбара гәахәара дула ирыдыркылоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа ахада Инал Арӡынба.