АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Рашәара.2023

Иауз ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны Гәдоуҭа ақалақь аҿы аҩнқәа актәи реихагылақәа аӡы рыҵалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьжьымҭан иауз ақәыршҩы ӷәӷәа иахҟьаны, Гәдоуҭа араион ҭыԥқәак рҿы аҩнқәа аӡы рыҩналеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аофициалтә саит.

Зегьы реиҳа азарал роуит акинотеатр «Кьараз» азааигәара игылоу аҩнқәа.

Аӡы рыҵалеит ахатәы ҩнқәа рыгәраҵақәеи аҩнеихагылақәа актәи аихагылақәеи. Гәдоуҭа араион абылра-хьчаратә ҟәша жәохәҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа ақалақь амаҵзурақәа рыцырхырааны амшцәгьа ахҟьаԥхьақәа рықәгара иазкны иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит. Ақалақь егьырҭ араионқәа рҿы иҟалар зылшо аӡхыҵра инамаданы аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҭоуп.


Read 269 times - Аԥшьаша, 15 Рашәара 2023 23:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.