1995 - 2006 шш. В. П. Анқәаб ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы арҵаҩыс, ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩыс, анаҩс адиректорс аус иуан.
2006 - 2012 шш. – Н. Лакоба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №1, иара убас Ф. Ч. Аҩӡба ихьӡ зху Гәдоуҭатәи абжьаратәи ашкол №3 аҿы арҵаҩыс, ааӡаратә усуразы адиректор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан.
2006 - 2011 шш. ААУ аԥсуа литература акафедра аҿы анаукатә ахьӡ аиуразы дықәгылан.
2009 шықәса инаркны цәыббрамза 2022 шш. – В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа литература акабинет аиҳабы, ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабыс аус иуан.
Цәыббрамза 2022 шықәса инаркны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет В. П. Анқәаб ихьӡ зху аԥсуа-дыгатә филологиа ацентр аиҳабыс аус иуан.
Ахра Анқәаб аԥсуа-дыгатә литература аҭоурых иазку 37 анаукатә ҭыжьымҭақәа дравторуп, Вл. П. Анқәаб илитература-критикатә статиақәа реизга «Ауаҩы иџьынџь дацәхымҟьароуп» аиқәыршәаҩыс дыҟоуп, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада В.Г.Арӡынба изку ажәеинраалақәа реизгеи Аԥсны жәлар рпоет Б.У.Шьынқәба ирҿиара иазку алитературадырратә усумҭақәа реизгеи авторцәа дыруаӡәкуп. Изныкымкәа жәларбжьаратәи анаукатә конференциақәеи асимпозиумқәеи ихы алаирхәхьеит.
2009 шықәса инаркны. – алитература-рҿиаратә еидгылара «Ацәыкәбар» анапхгаҩыс аус иуан, иара убас аҿартә дитература-сахьаркыратә журнал «Аԥсынгьари» аредактор хадас дыҟан. Ианашьоуп амедалқәа: «Кәыдры ахақәиҭтәра азы», «Аиааира азы».
Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшаара драбуп.