
pressadmin-2
АПАРЛАМЕНТ АҾЫ АКТӘИ АԤХЬАРААН АИНВЕСТИЦИАТӘ ЕИҨЫЗАРА АЗЫ АЗАКӘАН АПРОЕКТ РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараан аинвестициатә еиҩазаразы азакәан апроект рыдыркылеит.
Азакәан апроект адгалара мҩаԥылгеит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы ихаҭарнак Наҭелла Ломиа.
Иарбоу азакәан апроект иарбоуп абизнес-проектқәа рынагӡара азы гәыԥҩык аинвесторцәа рԥаратә хархәагақәа зышьаҭала еидкылазар ҟало аинвестициатә еиҩызара азы аиқәшаҳаҭра абжьаҵареи анагӡареи, иара убас аанкылареи инарымаданы иҷыдоу асубиектқәа рыбжьара ицәырҵуа аизыҟазаашьақәа.
АШӘАХТӘҚӘЕИ АИЗГАҚӘЕИ РМИНИСТРРА АУСЗУҨЦӘА АКТӘИ АМЕДИЦИНАТӘ ЦХЫРААРА АҬАРАЗЫ АКУРСҚӘА ИРХЫСИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра аусзуҩцәа хымш ирҭагӡаны имҩаԥысуаз, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан ахацхраареи ааха зауз ауаа актәи амедицинатә аҳақьымнӡатәи ацхыраара рыҭареи рзы адыррақәа раиура иазкыз акурсқәа ирхысит. Уи амҩаԥгаҩыс дыҟан Аҟәа ақалақьтә аклиникатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәша аиҳабы Алхас Џьынџьал.
Акурс аҳәаақәа ирҭагӡаны, азыӡырҩцәа ирызнаган иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан актәи амедицинатә цхыраара иаҵанакуа аусмҩаԥгатәқәа рзы адыррақәа. Ухала ухы ушацхрааша, мамзаргьы ааха зауз ауаҩы иҭагылазаашьа ахьынӡауадаҩу аилкаареи актәи амедицинатә аҳақьымнӡатәи ацхыраара иҭареи шынагӡатәу азы адыррақәа роуан акурс иахысуаз зегьы.
НХЫҴ-КАВКАЗТӘИ АФЕДЕРАЛТӘ УНИВЕРСИТЕТ АЛЕКТОРЦӘА АУРЫС БЫЗШӘЕИ АЛИТЕРАТУРЕИ РЫРҴАҨЦӘА РЗЫ АЛЕКЦИАҚӘА ИРЫԤХЬОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 12 – 16 рзы Нхыҵ-Каказтәи Афедералтә Университет алекторцәа аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзы «Аурыс бызшәеи алитературеи рызнагара иацу актуалра злоу апроблемақәа» ҳәа хыс измоу алекциақәа ркурс иаԥхьон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрра апресс-аҵзура. Акурсқәа Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети русеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахеит.
Апрограмма ахықәкы хаданы иҟалеит Аԥсны абжьаратәи ашколқәа рҿы аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра.
«АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАҞНЫ АТӘЫМТӘЫЛАУАА РЗИНТӘ ҬАГЫЛАЗААШЬАЗЫ» АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АЗАКӘАН АПРОЕКТ АИҬАКРАҚӘА АЛАГАЛАХЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Адепутатцәа «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны атәымтәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы ақәҵара рыдыркылеит.
Азакәан апроект атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны рыҟазаара аҭыԥ ашьақәыргылареи аҳасабыркреи рхымԥадатәра иазырхоуп, иара убас аминистрцәа Реилазаара атәымтәылауааи атәылауаҩра змам ахаҿқәеи Аԥсны рыҟазаара аҭыԥ ашьақәыргылареи иахьынхо аҭыԥ ала рышәҟҭагалареи рзы азинмчы аҭареи иазырхоуп.
Иҟоу азакәанԥҵара инақәыршәаны, Аԥсны аусура амҩаԥгара азы атәымтәылауаҩ, мамзаргьы атәылауаҩра змам ахаҿы, иҟоу аԥҟарақәа рыла иҭоу аусуразы азин азы аршаҳаҭгақәа имазар ахәҭоуп.
АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ АЛЕҚСАНДР ЧАЧБА-ШЕРВАШИӠЕ ДИИЖЬҬЕИ 155-ШЫҚӘСА АҴРА ИНАМАДАНЫ АЦӘЫРГАҚӘҴА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхҩы, асценограф, аҟазадырҩы, асахьаркыратә критик ду Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155-шықәса аҵра иазкны ацәыргақәҵәа мҩаԥысит.
Ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа ацәыргақәҵа аартуа, Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе ибзоураны аԥсуа жәлар адунеитә культура иахәҭакны иҟоуп ҳәа иазгәалҭеит.
«Уи иҟазара хкы рцәала еилоу зымҽхак ҭбаау цәырҵроуп. Даара инасыԥ дууп ҳажәлар рзы ас еиԥш иналукааша асахьаҭыхыҩ дахьрылиааз, насгьы уи иусумҭақәа ҳаамҭа аҟынӡа еиқәырханы иахьааз, ҳара урҭ ҳрыхәаԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьҳамоу,» - ҳәа илҳәеит Ельвира Арсалиа.
Аекспозициа аҿы ицәыргақәҵоуп 80 инареиҳаны асахьаҭыхыҩ иусумҭақәа – асахьаҭыхыҩ петербургтәи иԥсҭазаара иалагӡаны, Александриатәии Мариинтәи атеатрқәа рҿы аус аниуаз иаԥҵаз акостиумқәа рескизқәеи адекорациақәеи.
Аекспозициа аҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит аусумҭа «Автопортрет». Уи азы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе Франциа асахьаҭыхыҩцәа рмилаҭтә еилазаара ахь дрыдыркылеит.
Хықәкыла аусмҩаԥгатә алахәхаразы Аԥсныҟа дааит Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе имоҭа лыԥҳа Татиана Заицева.
«Санкт-Петербург сыҟаны Аԥснынтәи исоуа аԥхарра сара сзы есымша акырӡа аанагон. Сара излауа ала ас еиԥш иҟоу ацәыргақәҵақәа зегьы рылахәхара сҽазысшәоит. Ибзиан, ацәыргақәҵа иаҭаауа доусы ихазы хадара злоу иҿыцу, аинтерес зҵоу ак ибар», - ҳәа илҳәеит лара.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПАРЛАМЕНТ АСЕССИА АИЛАТӘАРА ИЦҴАНЫ ИМҨАԤЫСИТ
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны иацҵаны имҩаԥысуан ҳазҭоу ашықәс ԥхынҷкәынмза 13 рзы иарбаз амш азҵаара инақәыршәаны Лаша Ашәба хантәаҩра ззиуаз асессиа аилатәара.
Ирыхәаԥшын иагьрыдкылан аҵыхәтәантәи аԥхьараан Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәанқәа:
- «Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иааиԥмырҟьаӡакәа инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаларазы 2015 ш. мшаԥымза 14 аҟн. Аԥкаанҵа ашьақәырӷәӷәаразы» Азакәан.
- «Урыстәылатәи Афедерациа ахарџь ала Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа ихадароу ркатегориақәа агәабзиарахьчара, аҵараиура, акультура, аспорт, атәылауаа рсоциалтә маҵзура аусхк аҟны афинансеицзоужьра аԥҟарақәеи аҭагылазаашьақәеи рзы Аҧсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа ралагаразы 2015 шықәса мшаԥымза 14 аҟнытә Аԥкаанҵа
АБИУЏЬЕҬ АҞЫНТӘИ АУАЛАФАХӘЫ ЗАУА РУАЛАФАХӘЫ АШӘАРА АЗЫ АФИНАНСҚӘА РЕИЦЗОУЖЬРА ИАЗКУ АИҚӘШАҲАҬРА АЗИНМЧЫ АҼҲӘАРА 2025 ШЫҚӘСАНӠА ИАЦҴАХОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аԥсны агәабзиарахьчара, аҵарадырра, анаука, акультура, аспорт, ауааԥсыра асоциалтә цхыраара рыҭара, уҳәа аусхкқәа рыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхра Урыстәылатәи Афедерациа аԥаратә хархәагақәа рыла аицфинанстәра аҭагылазаашьақәеи аԥҟарақәеи рзы» мшаԥымза 14, 2015 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы Аԥкаанҵа» аратификациа азыруит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥылгеит Аҳәынҭқарра Ахада Апарламент аҿы есымшатәи ихаҭарнак Наҭелла Ломиа.
Аԥкаанҵа Аиқәшаҳаҭра аиҭкрақәак алагалара азԥхьагәанаҭоит. Убас ала:
- Аиқәшаҳаҭра азинмчы 2025 шықәсанӡа ацҵара;
- Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны аулафахәы ашәара аицыфинансыркра азы Урыстәылатәи Афедерациа иазоунажьуа афинанстә хархәагақәа реицҵалыҵ аиҭакрақәа ралагалара;
- Аицыфинансркра азы инацҵаны аҭагылазаашьа ашьақәырӷәӷәара: усзуҩык аамҭак ала иааникыло мызктәи азыԥҵәа 1,5 аштаттә акқәа иреиҳамзароуп,
- иазоужьхо афинанстә хархәагақәа рхархәара аҳасабыркра иҿыцу аформа ашьақәыргылара, Аԥсны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ихадоу акатегориақәа ирыҵанакуа аусзуҩцәа руалафахәы ашьҭыхреи уи аицыфинансркра аҭагылазаашьақәа зегьы рынагӡара.
«Аԥкаанҵа иалагалаӡам Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара иаҿагыло аԥҟарақәа, иара убас Аԥкаанҵа ақәныҟәара азы аҳәынҭқарраҩныҵҟатәи азиншәҟәқәа рҭыжьра аҭахны иҟам», - ҳәа иазгәалҭеит Наҭелла Ломиа.
ГӘЫЛРЫԤШЬТӘИ АРАИОНТӘ ӠБАРҬА АӠБАМҬА АЛА ЗУРАБ ГАБИСОНИА 16 ШЫҚӘСА АҬАКРАЛА АХГАРА ИҚӘҴОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшьтәи арионтә ӡбарҭа ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса рзы иаднакылаз аӡбамҭа ала, гәҭакыла зашьа гәакьа Габисониа Дианоз Клименти-иԥа (1979 ш.рзы ииз), ишьреи иара убас иҭҟьо амцабџьари аибашьыга рҭҟәацгеи (Ф-1) изакәанымкәа аҵәахреи аныҟәгареи рзы ахгара зду, Дранда аҳабла инхо Габисониа Зураби Клименти-иԥа (1980 ш.р.ииз) иганахьала ахарадҵатә зыӡба рыдыркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
АПАРЛАМЕНТ АИЛАТӘАРА АКТӘИ АԤХЬАРАҾЫ «АФЫМЦАМЧ АЗЫ АТАРИФҚӘА РЫШЬҬЫХРА ААНКЫЛАРАЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касландӡиа/. Жәлар Реизара-Апарламент актәи аԥхьараҿы «Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра анкыларазы» азакәан апроект рыдыркылеит. Ари азакәан апроект адкыларазы ажәалагала ҟаиҵеит адепутат Ерик Рштуни.
Фымцамч азы атарифқәа рышьҭыхразы амаратори алагалара ахымԥадатәра, азакәан апроект иацу аилыркааратә нҵа аҿы ишазгәаҭоу ала, абарҭ афакторқәа рыла ишьаҭаркуп:
2022 шықәса, ԥхынгәымзазы иҟалаз атарифқәа рышьҭыхра апроценттә еизышәарала ашәатәқәа реизгара аиӷьтәра алнамыршаӡеит;
Афымцамч аныхреи ахархәареи ахылаԥшреи аҳасабыркреи ралмыршара, афымцамч ахархәара шьақәзыргыло априборқәа рыҟамзаара.
«Мшаԥымза 7, 2022 шықәса рзы аминистрцәа Реилазаара аҿы «Аенергетика аусхкы аҿы ахәқәа (атарифқәа) рышьақәыргылареи рхархәареи, ахархәара аԥҟарақәа, анормативқәеи ахархәара асоциалтә нормақәеи рышьақәырӷәӷәара аԥҟара азы» ирыдыркылаз Ақәҵара N 39 иазԥхьагәанаҭо афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра ҩаԥхьа ахархәара шьақәзыргыло априборқәа рыла еиқәыршәоу изшәац ахархәаҩцәа иназыцҵоу еидараны ирыдҵахоит. Афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра ахархәаҩцәа ирыдгалахо амаҵзурақәа рхаҭабзиара аиӷьтәра алмыршаӡеит. Зегьы ирыцку, афымцамч азы атарифқәа рышьҭыхра социалла иашьашәалам уснагӡаны иҟоуп», - ҳәа ирыԥхьаӡоит аморатори адкылара аԥшьгаҩцәа.
АПАРЛАМЕНТ АКТӘИ АԤХЬАРАҾЫ 2023-ТӘИ АШЫҚӘС АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИУЏЬЕҬ РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Жәлар Реизара–Апарламент адепутатцәа актәи аԥхьараҿы 2023-тәи ашықәс азы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ рыдыркылеит. Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аԥсны аҳәынҭқарратәии ареспубликатәии абиуџьеҭқәа рпараметрқәа, ԥхынгәымза 28, 2022 шықәсазы аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәырӷәӷәаз Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара Аиндикативтә план ашьаҭала иалкаахеит.
2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә биуџьеҭ апараметр хадақәа:
Ахашәалахәқәа рыла– 12 489 657,2 нызықь мааҭ;
Аныхтәқәа рыла азеиԥш еицҵалыҵ – 14 165 530,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит;
Аҳәынҭқарратә биуџьеҭ адефицит – 1 675 873,7 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2023 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ иазԥхьгәаҭоу ахашәлахәытә хәҭа, Урыстәылатәи Афедерациа афинанстә цхыраара уахь иналаҵаны, азеиԥш еицҵалыҵ 9 622 244,9 нызықь мааҭ рҟыӡа инаӡоит:
Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иадҳәалоу ахықәкқәа рынагӡаразы – 3 734 689,7 нызықь мааҭ;