pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара инамаданы, Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азура азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҿы жәабранмза 18, 2021 шықәса рзы,  Москва ақалақь аҿы – мшаԥымза  5, 2021 шықәса рзы. 

Аиқәшаҳаҭра Урыстәыла аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аус зуа, иара убас Аԥсны аҳазылхратә усбарҭақәа рҿы аџьашықәс змоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ринтересқәа рыхьчара иазкуп, ҳәа иазгәаҭоуп аусшәҟәы аҟны. 

Аусшәҟәы иацу аматериалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра ала Аԥсни Урыстәылеи аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь ирызшәахо есымзатәи азԥҵәа ахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара алыршахоит.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 16, 2023 шықәса рзы Аҟәатәи аӡбарҭа аӡбаҩ Белла Хасаиа лхантәаҩрала имҩаԥысыз аӡбарҭа аилатәара аҿы, 1968 шықәсазы Ҭҟәарчал ақалақь аҿы ииз, Очамчыра араион Баслахә ақыҭан инхо Берулаа Альберт Сергеи-иԥа гәҭакыла ауаҩшьреи изакәанымкәа амцабџьар аҵәахреи (Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 1, ахәҭаҷ  217, ахәҭа   1) рзы ахара идҵан. 

Альберт Берулаа ихарадҵа ала аусеилыргара хәыжәкырамза  11, 2022 шықәсазы ахәаԥшразы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь идәықәҵахеит.  

Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыхәаԥшра алҵшәақәа рыла, аӡбарҭа Альберт Берулаа ихьырхәра аҳасабала изалнахит ахараԥса ахшәаарада ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы 7 шықәса ҭакрала ахгара.

Берулаа Альберт Сергеи-иԥа лаҵарамза 31, 2010 шықәсазы,  13 сааҭи 30 минуҭи рзы, Аҟәа ақалақь, Агәмаа имҩала иҟоу «Автомашьынатә маҭәахәқәа рџьармыкьа» иахьаҵанакуаз, 2007 шықәсазы ирыбжьалахьаз аимак-аиҿак иахҟьаны ииоуз амцабџьартә ахәрақәа рзы ашьоура игәы иҭакны заанаҵы еиқәиршәахьаз,  зыхҭаларшә 9 мм. рҟынӡа инаӡо амцабџьар ала 1971 шықәсазы ииз атәылауаҩ  Гаделиа Геннади Митиа-иԥа гәҭакыла диеихсны дахьишьыз азы иус ӡбоуп, ахарадҵагьы идҵоуп.  

Геннади Гаделиа  7 ахы зылҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи ихи игәышԥи рганахьала 2 ахы злымҟьаз амцабџьартә ахәрақәеи иоуит, урҭ ирыхҟьаны иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.  

Ауаҩшьра аныҟаиҵа ашьҭахь, Берулава Альберт аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит. Уи иганахьала 11 шықәса ирылагӡаны, иаанкылара аналыршаха амш абҵарамза   12, 2021 шықәсанӡа аусԥшаара мҩаԥысуан.  

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 20, 2023 шықәсанӡа иацҵоуп Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны иазоужьхаз аквотақәа рыла аҵаразы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҵарадырра Аминистрра.

Аквота ала аҵара зҭаху акандидатцәа «аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы Урыстәылатәи Афедерациа аҿы аҵарадырра» ҳәа асаит аҿы ашәҟәҭаҩра иахысыр ауп. https://education-in-russia.com.

Аконкурс алахәхара азы анкета харҭәаатәуп, иацҵатәуп ахатәы фотосахьа, атәылауаҩшәҟәи аҵарадырра азы аршаҳаҭгеи рыскан-хкьыԥхьқәа (мамзаргьы аҵара аамҭахәҭа азы адырранҵа).

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аеконоикатә усқәа рзы аӡбаратәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵара азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра   иақәшаҳаҭхеит, иара убас уи аратификациа азура азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь анашьҭразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идгалара азы ақәҵара аднакылеит. Уи азы аусшәҟәы кьыԥхьхеит азинтә информациа азы аофициалтә интернет-портал аҿы.

«Рашәарамза 29, 2022 шықәсазы Санкт-Петербург ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз аеконоикатә усқәа рзы аӡбаратәи абжьаҟазаратәи аӡбамҭақәа разхаҵара азы Урыстәылеи Аԥсни ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра     ашьақәырӷәӷәареи уи аратификациа азура азы Аҳәынҭқарратә Дума ахь анашьҭразы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идгалареи алыршазароуп ", - ҳәа иаҳәоит иарбоу Ақәҵара атекст аҟны.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра арратә шәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа ирызкын жәабранмза   13 -17 рзы имҩаԥысуаз Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгаратә еилазаара аоперативтә еизгара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Аоперативтә еизгара ахь адыԥхьалара роуит Аԥсны атәылахьчареи Арбџьармчқәа рыштаб Хадеи  аоперативтә еилазаара, амчратә структурақәа, ашәарҭадара Ахеилак ахаҭарнакцәа, иара убас атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы алахәылацәеи.

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ахәаша, жәабранмза 17 рзы ихыркәшахеит Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра «Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа ашьха иаԥну аҭыԥқәа рҿы асыԥса алеира ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азы аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аԥшаара-еиқәырхаратә усурақәа рынагӡареи» атема ала Риҵа имҩаԥнагоз акомплекстә акомандаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа. 

Ахылаԥшырҭа аҿы Аԥсныпресс акорреспондент ирҭаз адыррақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ирылахәхеит Аминистрра хаҭалатәи аилазаара аҟынтәи 50-ҩык, иара убас 15 цыра инарзынаԥшуа иҷыдоу атехника.

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа имҩаԥгаз аҽазыҟаҵарақәа ахәшьара бзиа аиҭеит. Уи ишазгәеиҭаз ала, «аусмҩаԥгатә аилыргара» Аҟәа имҩаԥгахоит.

Аҟәа. Жәабранмза  17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Муса Еқьзеқь ихьӡала Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аан ааха зауз рзы  зыхәԥса 500 000 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо агуманитартә цхыраара дәықәҵахоит.   

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Шәача ақалақь аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Краснодартәи атәылаҿацә ала аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аусбарҭа Хадеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рделегациақәа русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иалахәыз анаркотикатә хархәагақәеи арҩышьыгатә маҭәашьарқәеи изакәанымкәа рхархәареи реикәыршара иадҳәалоу ацәгьоурақәа рыпрофилактикеи раартреи, иара убас амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара азы ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагарақәа рфотовидеофиксациа  апрограммақәа рхархәара аеффективра аизырҳареи рзы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит. 

Аҟәа. Жәабранмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла анумизматикатә ҭыжьымҭа дуӡӡа «Золотой червонец»  (№4, 2022 ш.) аҵыхәтәантәи аҭыжьра аҿы ф-цәаҳәак Аԥсны Абанк аԥараҿырпқәа ирызкхеит.   

Арубрика «Адунеи аԥараҿырпқәа» аҟны ианылеит Аԥсны Абанк иазку астатиа. Уи аҟәшақәа рыла ишьақәгылоуп.

Аҟәша «Аԥсны аԥараҿырпқәа: атрадициақәеи ҳаамҭазтәи азнеишьақәеи» рҿы Аԥсны иахьаҵанакуа аԥаратә еикәыршара аҭоурых инарҭбааны иалацәажәоит.

Аҟәаша «Аԥсны иналукааша ауаа: аклассикеи ҳаамҭазтәи атехнологиақәеи», аформат «пьедфорт» ала иԥҟоу аԥараҿырпқәа «Искандер ифырхацәа» иазкуп. Асериа иаҵанакуа апараҽырпқәа зегьы ртехнологиеи рыԥҟара апроцесс амҩаԥысшьеи рзы инарҭбаау аҟазшьарбара ҟаҵоуп, иара убас иарбоу аԥараҿырпқәа равтор, асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа иҿцәажәарагьы ануп.  

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьопуеи, Д.Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәбеи Аҳәынҭқарра Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр адиректор Виачеслав Чыркба идикылеит. 

Аԥсны аминистрцәа Реилазара аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, анаукатә еилазаара ахаҭарнакцәа аҳәынҭқарра аганахьала анаукатә кадрқәа разыҟаҵареи афундаменталтә ахықәкытә ҭҵаарақәеи ахшыҩзышьҭа аҭареи афинанстәреи ирыдҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа рзы доусы ргәаанагарақәа рҳәеит.   

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.