АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Рашәара.2023

“Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара” адиректор Хада атәыла аԥыза-министр урыстәылатәи аилазаара “Амшынеиқәатә круизқәа” алархәны акруизтә проект анагӡара ахацыркра азы адырра иҭеит.

Аҟәа. Рашәарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. “Аԥснытәи амшынӷбаныҟәара” адиректор Хада Даур Арӡынба атәыла аԥыза-министр урыстәылатәи аилазаара “Амшынеиқәатә круизқәа” алархәны акруизтә проект анагӡара ахацыркра азы адырра иҭеит, ҳәа иаанацҳауеит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.  

Ахәаша, рашәараза 23 азы, акруизтә ԥхараныҟәаӷба «Князь Владимир» Аҟәатәи амшынтә баӷәаза ахь аԥышәа-гәаҭаратә реис мҩаԥнагеит. Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәареи Аԥсны аҳәаахьчаратәи аҳазылхратәи амаҵзурақәа аус рыцура  иабзоураны апассаџьырцәа аӷба рҭалареи рҭыҵреи раан ргәаҭара амеханизмқәа еиқәыршәоуп.

Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара анапхгараҭара иара убас уи азы азинмчы змоу ареспублика аусбарҭақәеи аилазаарақәеи алархәны атуристцәа рыԥсшьараамҭа рыхгара  аиҿкаара иазку еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа: аекскурсиатә маршрутқәа акультура-арлахҿыхратә программақәа еиқәнаршәоит.

Акруизтә лаинер «Князь Владимир» –  араԥӷәрақәа 8 змоу, знык ала 600-ҩык апассаџьырцәа шьҭызхуа акруизтә ԥхараныҟәаӷба ауп.  Аилазаара-аоператор апроект есымчыбжьытәи арежим ала анагӡара азԥхьагәанаҭоит.

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атуристә индустриа аусхкы аҿы урыстәылатәи аилазаарақәа аус рыцура аҳәаақәа рырҭбаара аҵак ду шаҵоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.

 


Read 299 times - Ашәахьа, 26 Рашәара 2023 18:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.