АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Рашәара.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада – Арбџьар мчқәа иреиҳаӡоу рыдҵаҟаҵаҩ Владимир Владимир-иԥа Путин азакәантә леишәа ашьақәыргыларазы имҩаԥиго акурс дадгылоит.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит. 

«Хазхаҭалатәи арратә еилахәыра (ХАЕ) «Вагнер» арратә қәгыларазы аҽазышәара инамаданы, адырра ҟасҵоит мҽхакы ҭбаала Урыстәылатәи Афедерациа Ахада – Арбџьар мчқәа иреиҳаӡоу рыдҵаҟаҵаҩ Владимир Владимир-иԥа Путин азакәантә леишәа ашьақәыргыларазы имҩаԥиго акурс ҳшадгыло азы.

Агәра згоит Урыстәыла Ахада Владимир Путин игәаӷьреи иҟәыӷареи ирыбзоураны Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциеи азакәанқәеи инарықәыршәаны аҵыхәтәантәи амшқәа рзы имҩаԥысуа ахҭысқәа қәҿиарала ишхыркәшахо.

Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟалалакгьы, Урыстәылатәи Афедерациа аҿаԥхьа иаду ахыдҵақәа рынагӡара иазхиоуп. Иҷыдоу арратә операциа ахьымҩаԥысуа аҭыԥ аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рганахьала ааԥхьара ҟасҵоит апровокациақәеи азинеилагаратә ҟазшьа змоу аусқәеи рыҽрыларымгаларазы.

 


Read 247 times - Ашәахьа, 26 Рашәара 2023 17:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.