АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Рашәара.2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аладатәи Афедералтә Округ иҟоу ҳастудентцәеи егьырҭ ҳџьынџьуааи Рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраҿы ацхыраара рыҭара иазхиоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны ҳаҭыр зқәу аконсулреи есымша аимадара рыбжьоуп. Уи иабзоураны абарҭ асааҭқәа рзы Аладатәи Афедералтә Округ аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рганахьала аоперативтә информациа аиуоит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иаҭаххоны иҟалозар,  Аладатәи Афедералтә Округ иҟоу ҳастудентцәеи егьырҭ ҳџьынџьуааи Рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәраҿы ацхыраара рыҭара иазхиоуп ҳәа адырра ҟанаҵоит.  

Ростовтәи аобласть инхо Аԥсны атәылауаа рзы ҳаҭыр зқәу аконсулра ала еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа еиҿкаауп.

Еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа аҭелқәа: +7(863)260-66-06,  +7(908)516-11-60.


Read 261 times - Амҽыша, 25 Рашәара 2023 18:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.