pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аусбарҭа аусзуҩцәа жәабранмза 14 рзы Гагра ақалақь аҿы ахәаахәҭратә обиект аҿы агәаҭара мҩаԥыргеит. Урҭ араҟа ирыԥшааит  аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагарала  Аԥсны аҳазылхратә территориаҟа иаагаз 105 аелектронтә сигарети 75 пачка акцизатә еизгара адыргақәа змамыз аколиан азы аҭаҭыни.  

Аҟәа. Жабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Афедерациа Ахеилак аҿы аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара азы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра аратификациа азыруит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аинформациатә Маҵзура ТАСС.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥган Аҟәа ақалақь аҿы жәабранмза 18, 2021 шықәса рзы,  Москва ақалақь аҿы - мшаԥымза  5, 2021 шықәса рзы.  

Аусшәҟәы иацу аматериалқәа рҿы ишазгәаҭоу ала, иарбоу Аиқәшаҳаҭра ала Аԥсни Урыстәылеи аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа акыр шықәса аус аныру ашьҭахь ирызшәахо есымзатәи азԥҵәа ахь аԥарацҵа рызшәара азы рџьашықәс аҩганктәи азхаҵара алыршахоит.

Уажәазы, азакәан апроект аусдулаҩцәа ишазгәарҭо ала, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа аҳазылхратә усбарҭақәа русзуҩцәа рџьашықәс ҳасаб арабара азԥхьагәаҭаӡам.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аӡбаҩ Мадина Чанба лхантәаҩрала имҩаԥгаз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аилатәара аҿы Пархоменко Антон Александр-иԥа ибаандаҩтәра азы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә усбарҭа аҟынтәи иаашьҭыз азыҳәамҭа иахәаԥшит, ҳәа иаанацҳауеит Аҟәа ақалақь аӡбарҭа асаит.

Иарбоу ашьаусеилыргара атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргара аҟәша ала  Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра Амилаҭтә онкологиатә Центр гәыԥҩык амаҵурауаа  рганахьала ихацыркуп:

Аргән Лев Заабеҭ-иԥа – Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 157, ахәҭақәа 3, 4, иара убас ахәҭаҷ 294 инарықәыршәаны;

Лагәлаа Нелли Џьоџьа-иԥҳа – Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 32, ахәҭа 5, иара убас ахәҭаҷ 157, ахәҭа 4 инарықәыршәаны;

Кәакәасқьыр Лариса Гьаргь-иԥҳа – Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 157, ахәҭа 4 инақәыршәаны;

Пархоменко Антон Алеқсандр-иԥа – Аԥсны Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 157, ахәҭақәа 3, 4 инарықәыршәаны.

Жәабранмза 15, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Пархоменко Антон Александр-иԥа ибаандаҩтәра азы аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусеилыргаратә усбарҭа аҟынтәи иаашьҭыз азыҳәамҭа мап ацәкны иарбоу ахаҿы иганахьала ахьырхәра аҳасабала  1 мызки 27 мши ирылагӡаны аҩнытә баандаҩтәра алнахит.

Аҟәа. Жәабранмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова диԥылеит. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак дылԥылеит.

Аганқәа ахәаахәҭратә хаҭарнакреи аҳәынҭқарратә университети рыбжьара аусеицура аҿиара аперспективақәа ирылацәажәеит, иара убас ахәаахәҭра-економикатә хыдҵақәа рынагӡара аҿы ахәҭакахьала, аексперт-аналитикатә хәшьара аҭареи алкаақәа рыҟаҵареи  рҿы аҵараиурҭа анаукатәи аинтеллектуалтәии апотенциал рхархәара алыршара иазааҭгылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Очамчыреи Ҭҟәарчали Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз рзы агуманитартә цхыраара аизгара активла рҽаладырхәо иалагеит.

Акциа рхы аладырхәуеит аурыс школ  №2, ашкол-интернати рҵаҩцәа, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рнапхгаҩцәа, абизнесменцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Очамчыра-информ» Инстаграм аҿы иҟоу адаҟьа.

Очамчыратәи Абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә ҟәша анапхгаҩы Мурман Ԥачлиа арыцҳара  иақәшәаз ацхыраара рыҭара азы агәазыҳәара аарԥшны оперативла агуманитартә еидара еизызганы Очамчыраҟа аагара алзыршаз  Ҭҟәарчал ауааԥсыра иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусуратә визитла Москваҟа дцеит.

Аԥсны адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа ахада Урыстәыла аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рхаҭарнакцәа рԥылареи аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқаррабжьаратәи аусеицура иадҳәалоу еиуеиԥшым актуалра злоу азҵаарақәа рыла рыҿцәажәареи  азԥхьагәаҭаны имоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ааигәа иҟалараны иҟоу 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет асахьаҭыхратә ҟазара азы астудентцәа рыбжьара арҿиаратә конкурс «Ҳара иаҳгәалашәоит!» шымҩаԥгахо азы алаҳәара ҟанаҵоит.

Ари аконкурс, егьырҭ, зымҩаԥгара азԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгтәқәеи рхықәкы хаданы иҟоуп –  астудентцәа апатриотизми Аԥсадгьыл ахь абзиабареи аветеранцәа ҳаҭырқәҵарала рызныҟәареи рылааӡара, аҵара зҵо рдунеихәаԥшышьа арҭбаара, атәыла иҿыцӡоу аҭыоурых ахь ирымоу аинтереси ахшыҩзышьҭреи реизырҳара.  

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 14 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит.  Аусуратә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аҟны аиԥыларақәа мҩаԥигараны дыҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  «Ареспублика Аԥсны аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» азакәан иалагалоу аиҭакрақәа инарықәыршәаны, ажьырныҳәамза  19, 2023 рзы Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы ирыдыркылаз Ақәҵара ала 2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә мзар аиҭакрақәа алагалахеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аминистрцәа Реилазаара атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра 2023 шықәсазы анапхгаратә хықәкытә программа «Аԥсны Арбџьармчқәа рҿы арратә маҵзура ахысразы арратә ааԥхьара иаҵанакуа аҿар разыҟаҵара азы амедицинатә еиқәыршәара азы» апрограмма шьақәнарӷәӷәеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Ари апрограмма афинанстәра мҩаԥысуеит ареспубликатә биуџьет аԥаратә хәархәагақәа рыла. 2023  шықәсазы уи иазоужьхоит 450  нызықь мааҭ.

Апрограмма ахықәкы – Аԥсны Арбџьармчқәа маха-шьахалеи психикалеи згәы бзиоу арра ирго аҿар рыла аиқәыршәара алыршара.

Апрограмма  ахыдҵақәа:  – атәылауаа ганрацәалатәи рмедицинатә гәаҭара амҩаԥгара:

а) раԥхьатәи арратә шәҟәҭагалара иаҵанакуа;

б) арратә уалԥшьа анагӡара азы арратә ааԥхьара иаҵанакуа. 

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.