АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Рашәара.2023

Аспорзалқәа реиҭашьақәыргылареи ахыбра аԥсахреи: Бзыԥтәи ашколқәеи Пицундатәи ашколи рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Бзыԥтәи абжьаратәи ашол № 1 аҿы шьаҭанкыла аспортзал аиҭашьақәыргылара, Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №2 ахыбра аԥсахра, иара убас Гагра араион Пицунда ақалақь абжьаратәи ашкол №1 аспортзал аиҭашьақәыргылареи мҩаԥысуеит. Уи афинанстәра Гагра араион Ахадара ала имҩаԥысуеит.

Хәы-шықәса ирылагӡаны Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №1  аркын, уи аҭагылазаашьа амашәыр ахылҿиаар ахьалшоз инамаданы.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба ишеиҭалҳәаз ала, ажәытә спортзал ықәганы шьаҭанкыла аҿыц аргылара иалагеит.

«Иарбоу апроект ахарџьынҵа – 27 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Цәыббрамзазы  - аспортзал ҿыц аргылара ахыркәшара азԥхьагәаҭоуп, уи ашколтә ԥсҭазаара иақәшәо иҟаҵахоит. Араҟа иҟалоит амҵәышәмпыли анапылампыли рзы  аплошьадкақәа», – ҳәа илҳәеит лара.

Гагра араион ашколхәыҷқәа рыспартакиада азы аҭакԥхықәра зду Роман Кьетиа ажурналистцәа ириҭаз адыррақәа рыла, иазԥхьагәаҭоу аусурақәа зегьы рҟынтәи 40 % рҟынӡа нагӡоуп, уажәы агәашьақәа рҭарҭәаара мҩаԥысуеит, уи ашьҭахь амонтажтәи аҩычаратәи аусурақәа хацыркхоит.  

Роман Кьетиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ашкол аҿы аҵара рҵоит 485-ҩык аҵаҩцәа.

Анаҩс ажурналистцәа аҭааит Бзыԥтәи ашкол №2, араҟа уажәы ахыб рыԥсахуеит.

Ашкол адиректор Виолетта Алшәындба лажәақәа рыла, ԥыхьа амш аныцәгьаз ахԥатәи аихагылаҿы аурокқәа рымҩаԥгара залыршахомызт, ахыб ақәа кылсуан.

«Ҩымз ҵуеит ахыбра аԥсахра иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥысуеижьҭеи. Аусурақәа зегьы рхаҭабзиара ҳаракуп, урҭ рхыркәшара мчыбжьык ашьҭахь иазԥхьагәаҭаны иҳамоуп», ҳәа илҳәеит Виолетта Алшәынба.

Уи иҟалҵаз адыррақәа рыла, ари ашкол ахыбра 2010 шықәсазы иԥсахын, аха аусурақәа рхаҭабзиара ахьылаҟәыз инамаданы, хәы-шықәса рышьҭахь ахыбра ҩаԥхьа ақәа кылсуа иалагеит.  

Виолетта Алшәындба Гагра Ахадара ашкол иарҭаз адгыларазы иҭабуп лҳәеит.

Уи иара убас, ашкол ахь инагоу амҩа даара аҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа иазгәалҭеит. «Ҳара ҳақәдыргәыӷит ари аԥхынтәи аамҭахәҭа иалагӡаны уи шеиҭашьақәыргылахо, акаҭран шышьҭаҵахо», - ҳәа илҳәеит адиректор.

Анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнак Ҭеимураз Ҷкотуа убасҵәҟьа ахыбра аԥсахра иадҳәалоу аусурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уажәы ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбра - 130 ԥшьыркцатә метра рҟынӡа инаӡо ахыб аԥсахра хҳаркәшоит. Х-еихагылакны иҟоу 1740 ԥшьыркцатә метра рҟынӡа инаӡо ахыбра аҿы аусурақәа хыркәшоуп. Ахыб иақәырҵо аматериал- профнастил ауп. Азеиԥш плошьад –  3243 ԥшьыркцатә метр рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭеимураз Ҷкотуа.

Апроект ахарџьԥса - 13 млн. 857 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

Бзыԥтәи абжьаратәи ашкол №2 ргылан 1985-1986 шш. рзы. Убри аахыижьҭеи ари ахыбра шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара мҩаԥгаӡамызт. Ашкол аҿы аҵара рҵоит 217 - ҩык аҵаҩцәа.

Пицундатәи абжьаратәи ашкол  № 1 аҿы иара убас аспортзал – адашьма аԥсахра мҩаԥысуеит.  

Анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнак Ҭеимураз Ҷкотуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, актәи аетап аҿы иԥсахын ажәытә дашьма, аплошьадка ариашара мҩаԥысит. Зегьы анбалак ашьҭахь, адашьма ашьҭаҵара ҳалагоит, анаҩс  аршшареи ашәреи рахь ҳаиасуеит.  

«Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хымз рыла имҩаԥгазароуп, аха ҳара мызкала урҭ рхыркәшара ҳалшап ҳәа сгәы иаанагоит. Апроект ахарџьԥса – 1 млн 625 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иарбоу аицҵлыҵ иара убас иалоуп ашәқәа рыԥсахразы ахарџьгьы», - ҳәа иҳәеит Ҭеимураз Ҷкотуа.  

Пицундатәи абжьаратәи ашкол аҿы  2022 шықәсазы ахыб рыԥсаххьан, аспорзал аҿы  13 аԥенџьыр ҿыцқәа рҿаҵара алыршан. Апроект ахарџьԥса – 8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аинспекциа лыҵшәабзиала аусура иабзоураны араион абиуџьет иназыцҵоу аԥаратә хархәагақәа алалоит, убри инамаданы араион Ахадара ас еиԥш аусурақәа рфинанстәра азы еиҳа алшарақәа аиуеит ҳәа гәахәарыла иазгәалҭеит.

 

 


Read 246 times - Ахәаша, 23 Рашәара 2023 16:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.