АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Рашәара.2023

Ауаҩшьра аҿы ахара зду Евгени Крылов иус Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭуп.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокуратура Хада Крылов Евгени Алеқсандр-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла   99 ахәҭа 2 апунктқәа «а»,  «д»,  «к» рыла иазԥхьагәаҭоу ацәгьоурақәа («Ауаҩшьра»), иара убас Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ    29, ахәҭа  3 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура («Ацәгьоура аҽахыҟаҵареи ацәгьоура аҽазышәареи») рыла ахарадҵа идҵоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокуратура Хада асаит аҿы.

Гагра араион апрокуратура ала имҩаԥгаз ашьауӷатә усеилыргара аматериалқәа рыла ишышьақәырӷәӷәоу ала, мшаԥымза 2,  2022 шықәса,  02 сааҭки 30 минуҭи инарзынаԥшуа, Евгени Крылов, ижәны дшыҟаз, Гагра ақалақь, Абазгаа рымҩала иҟоу акаҳуажәырҭа «Дад» ашә ԥҽны аҩныҵҟа дыҩналаны Егикиан Вардуш Гарник-иԥҳа дишьит.  Евгени Крылов дибеит ахьчаҩ Варданиан Арам Рафаель-иԥа. Иҟаиҵаз ацәгьоура иҵихыр ҳәа дшәаны Евгени Крылов аҵәымӷалхга ала ахьчаҩ ихы дасны ишьра иҽазишәеит, аха игәҭакы изынамыгӡеит. Абокс атехника иазҟазаз Арам Варданиан Евгени Крылов иҿагылара илшеит.

Рашәарамза 21, 2023 шықәсазы ари ашьауӷатә усеилыргара Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп.


Read 277 times - Ахәаша, 23 Рашәара 2023 17:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.