АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Рашәара.2023

Аалӡга аӡиас иху ацҳа аҿы ашьаҟамҩа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа 70% рыла инагӡоуп.

Аҟәа. Рашәарамза  23,2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭҟәарчал ақалақь Аалӡга аӡиас иху ацҳа аҿы ашьаҟамҩа хаҳәцәыла ачаԥара иазку аусурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит.

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «СтройДом»  адиректор Раули Шамугиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ашьҭаҵара иазку аусурақәа иҳаҩсыз ашықәс азы ихацыркын, аусурақәа рхықәшара радхалара аобиективтә ҵаҵӷәқәа амоуп.

«Аусурақәа маҷк ада зегьы хыркәшоуп. Мызкы иалагӡаны ҳара ахаҳәцәы ашьҭаҵара ҳалгоит. Ахаҳәцәы ахьықәҵоу азеиԥш ҵакыра 1 160 ԥшьыркца метра  рҟынӡа инаӡоит. Ишьҭаҳҵахьеит 745 ԥшьыркца  метра рҟынӡа. Аусурақәа 70 процент рыла инагӡоуп», -ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Раули  Шамугиа.

Апроект ахарџьынҵа – 2 млн 378 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иахьазы инагӡоу аусурақәа рхарџьынҵа 1 млн 660 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Афинанстәра мҩаԥгахоит Ҭҟәарчал араион абиуџьеҭ  аҟынтәи.

Ацҳа аҿы ишьҭаҵахо ахаҳәцәы иҷыдоу атехнологиала иҟаҵоуп, уи ацәаакырачҳара ӷәӷәаны иамоуп, 30 шықәса иреиҵамкәа анҵыра амазаауеит.  

Ҭҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа иажәақәа рыла, ацҳа аиқәыршәазаара ақалақь ауааԥсыра рзы акыр аҵанакуеит. Уи аестетикатә адагьы ахархәаратә ҟазшьа цыда амоуп.  Избан акәзар аӡәырҩы, иаагозар ашколхәыҷқәа, ари ацҳа мышкахьы изныкымкәа иқәсуеит. «Ҳара уи ахьӡ аԥсахра ҳгәы иҭоуп. Уаанӡа уи Грестәи ацҳа ҳәа иашьҭан, шьҭарнахыс «Ацҳа шкәакәа» ҳәа иахьӡзаауеит,» - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада.


Read 268 times - Ахәаша, 23 Рашәара 2023 16:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.