Аҟәа. Рашәарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гал ақалақь аҿы ашьапылампылмаҷ адәы аҟаҵара ахыркәшамҭахь инеиуеит.
Гал араион Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аилак ахада Бачуки Ехваиа ажурналистцәа дрыҿцәажәо астадион азы аҭыԥ алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Уажәы ишыжәбо еиԥш ашьапылампылтә стадион хада иахьаҵанакуа аргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит. Араҟа ихадоу адәы азааигәара зшәагаа 44 x 22 ԥшьырцатә метр рҟынӡа инаӡо, иԥсабаратәым ашьацыркырала ихҟьоу ашьапылампылмаҷ адәы ҟалоит. Ашьапылампылмаҷ адәы ахархәарахь адкылара иабзоураны астадион аҿы Ашьапылампылтә Клуб «Самырзаҟан» ашьапылампыласыҩцәа реиԥш егьырҭ уи азы агәазыҳәара змоу зегьы аҽазыҟаҵаразы алшара роуеит».
Аргыларатә усурақәа ҳазҭоу ашықәс жәабранмзазы ихацыркын, аха амшцәгьақәа ирыхҟьаны аргыларатә усурақәа рхыркәшара маҷк иадхалеит.
«Ҳара аргыларатә усурақәа жәабранмзазы ҳрылагахьан. Аусурақәа иахьазы ихыркәшазар акәын, аха инеиԥынкыланы иҟаз ақәоурақәа ирыхҟьаны ари апроцесс маҷк ҳадхалеит. Ҳара ҳазԥхьагәаҭарақәа рыла, нанҳәамза 1 аҟынӡа ари ашьапылампылмаҷ адәы аҟаҵара хыркәшаны, аспортсмен ҿарацәеи аспорт абзиабаҩцәеи араҟа аҽазыҟцаҵарақәеи ахәмаррақәеи мҩаԥыргалартә еиԥш азырхиара ҳалшоит», – ҳәа иҳәеит Бачуки Ехваиа.
Ашьапылампылмаҷ адәы аргылара азы Гал араион Ахадара ахатәы биуџьет аҟынтәи иазоунажьит 5 млн. 600 нызықь мааҭ.