АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Рашәара.2023

Аушьҭымҭацәа рбал мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы ашкол иалгаз 400-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәа Аҟәа ақалақь, Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа аплошьад аҿы имҩаԥысуа аныҳәатә бал ахь еизеит. Уи аԥхьа Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа алагеит.

Сынтәатәи аҵарашықәс азы Аҟәа ақалақь азеиԥш ҵараиурҭақәа ирылгеит 474-ҩык аҵаҩцәа. Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист  хада Марина Аршба лажәақәа рыла, сынтәа имҩаԥгахо аужьҭымҭацәа рбал аексперименталтә ҟазшьа аҵоуп.

«Ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит аужьҭымҭацәа зегьы еиҟараны рхы рбо аҟаҵара. Зегьы иахьа ирылшаӡом зыхә дуу ашәҵатәы аахәара, убри аҟнытә ҳара зегьы еиԥшны еилаҳәазаауеит ҳәа аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», –  ҳәа иазгәалҭеит лара.

Даҽа асимволтә ҵакы зҵоу аҷыдара – доусы рышәҵатәы иану аԥхьаӡац «30». Уи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30 - шықәса ахыҵреи ареспублика аҿы аибашьрашьҭахьтәи 30-тәи ашколтә аужьҭымҭацәеи рсимволра ауеит.  

«Апсни асимволра зыхә дуу аҵкқәа рҿы азгәаҭара ҳара иҳалымшеит. Сара сгәаанагарала зегьы рзы еиԥшу ашәҵатәы иадҳәалоу аексперимент анагӡара ҳалшеит», –  ҳәа дԥышәырччо илҳәеит  Марина Аршба.

Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба ашкол аужьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.  

«Ҳара зегьы ианҳаамҭаз ари игәыхыҭхыгоу, даара ишьаху амҩа ҳынысит. Аҵара ашықәсқәа раан доусы аихьӡарақәеи реиԥш ақәымҿиарақәеи  иман. Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит ақәҿиара дуқәеи шәаԥхьаҟа иалышәхуа азанааҭ аҿы аманәалареи», – ҳәа иҳәеит иара.

Ҷыдала зеихьӡарақәа рыла зҽалызкааз аҟәатәи ашколқәа роужьҭымҭацәа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьахеит.

Аиҿкааратә хәҭа анаҩс зегьы ргәы хыҭхыҭуа иззыԥшыз аныҳәатә концерт алагеит.


Read 244 times - Амҽыша, 25 Рашәара 2023 14:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.