
pressadmin-2
АҞӘА АРАИОН АҾЫ АГУМАНИТАРТӘ ЕИДАРА АЗЫ 10 ТОННАК АМАНДАРИНА ЕИЗГОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәанмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион аҿы Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь агуманитартә цхыраара ашьҭра азы 10 тоннак амандарина еизыргеит.
Араион ахада Алхас Ҷыҭанаа агуманитартә еидара аизгара зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи агуманитартә цхыраара ашьҭра аиҿкаара аҽалархәразы агәазыҳәара аадырԥшит араион ауааԥсыра зегьы ҳәа иазгәеиҭеит.
АТӘЫЛА АНАПХГАРА ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИА ИАЛАӠЫЗ РГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа Гәдоуҭа ақалақь аҿы игылоу Лаҭатәи атрагедиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Алахьеиқәҵаратә церемониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, атәыла анапхгара ахаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, ашколхәыҷқәа, ареспублика араионқәа зегьы рҟынтәи ауааԥсыра.
НХЫҴ-КАВКАЗТӘИ АФЕДЕРАЛТӘ УНИВЕРСИТЕТ АБАЗА АЛА 796-ҨЫК АԤСНЫТӘИ АСПЕЦИАЛИСТЦӘА 26 ПРОГРАММА АЛА ДИСТАНЦИАЛА РЗАНААҬТӘ ДЫРРА АҨАӠАРА АШЬҬЫХРА АЗЫ АКУРСҚӘА ИРХЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет Азиндырратә Институт адиректор ихаҭыԥуаҩ Максим Трофимов дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.
Аиԥылараҿы Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университет специалистцәа Аԥсны, Ермантәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла рҵарадырра асистемақәа рмодернизациа адгылара аҭара иазырхоу апроект «педагогика аусзуҩцәа Рресурстә наука-ҵарадырратә Центр аусура аметодикатә еиқәыршәара» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥыргаз аусура аихшьаалақәа ирылацәажәеит.
Иарбоу апроект анагӡара Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵараиуреи анаукеи Рминистрра ахылаԥшрала имҩаԥысуеит.
Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Университети Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи Рминистрреи 2014 шықәса инаркны активла аусеицура рыбжьоуп.
Иҳаҩсуа ашықәс азы Нхыҵ-Кавказтәи Ауниверситет аҿы имҩаԥган еиуеиԥшым амаҭәарқәа рыла (аҭоурых, аурыс бызшәеи алитературеи, ахимиа, аматематика, англыз бызшәа, абиологиа, афизика), арҵаҩцәа, алагарҭатә классқәа рырҵаҩцәа, ахәыҷбаҳчақәа рааӡаҩцәа, аколеџьқәа рырҵаҩцәа, ашколтә психологцәа, ашколқәа рдиректорцәеи аҵара аҟәша аиҳабацәеи, аусуратә кадрқәа (аргылаҩцәа, анџьнырцәа, автомеханикцәа, ателехәаԥшреи аӡыргареи рыспециалистцәа, IT-аспециалистцәа, аенергетика аусзуҩцәа), аҳәынҭқарратә тәылауаҩратә маҵурауаа, атуризм аусхкы аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ашьҭыхра азы акурсқәа мҩаԥган; Аҟәа, Гагра, Пицунда, Очамчыра ақалақьқәа рҿы анаука-популиартә лекциақәа мҩаԥысит; аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рдырра азы аконкурс мҩаԥган.
АԤСНЫ ЖӘЛАР РЕИЗАРА-АПРЛАМЕНТ АДЕПУТАТЦӘА III ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОНФЕРЕНЦИА «АПОЛИТИКАТӘ ПАРТИАҚӘА РЫФРАКЦИАҚӘЕИ АБЛОКҚӘЕИ ИХЬЫԤШЫМ АҲӘЫНҬҚАРРАҚӘА РЕИҨЫЗАРА АТӘЫЛАҚӘА РПАРЛАМЕНТБЖЬАРАТӘ УСЕИЦУРАҞНЫ РРОЛЬ» ИАЛАХӘУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин иҟаиҵаз ааԥхьарала Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Асҭамыр Герхьелиеи Ахра Ԥачлиеи III Жәларбжьаратәи аконференциа «Аполитикатә партиақәа рыфракциақәеи аблокқәеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа рпарламентбжьаратә усеицураҟны рроль» иалахәуп.
Аконференциа иалахәу рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп — Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Казахсҭан, Киргизиа, Молдавиа, Приднестровиа, Таџьикисҭан, Туркмениа, Узбекьыысҭан, Аахыҵ Уаԥстәыла рпарламентқәа рыфракциақәеи рыблокқәеи рхаҭарнакцәа, аҳәынҭқарратә Дума аполитикатә партиақәа рыфракциақәа зегьы рнапхгаҩцәеи адепутатцәеи.
ИНАР КЕТИА МОСКВА ЕИЗГОУ АКОМАНДА АИЛАЗААРАҾЫ УРЫСТӘЫЛА АХРАҾА АГАРАЗЫ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АЏЬАЗ МЕДАЛ ИАНАШЬАХЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Адыгеиа аҳәынҭқарратәра 100-шықәса ахыҵра иазкны ԥхынҷкәынмза 10-11 рзы Маиҟәаԥ ақалақь аҿы имҩаԥысит ахацәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла Ахраҿа агаразы Акомандатә Аԥхьахәгара.
Аицлабрақәа рхы аладырхәит Чечентәыла, Нхыҵ Уаԥстәыла, Даӷьсҭан, Буриатиа, Ҟрым, Красноиарсктәи атәылаҿацә, Москва аҟынтәи акомандақәа.
Аицлабрақәа рҿы аџьаз медал анашьахеит Москва еизгоу акоманда. Уи аилазаараҿы дықәгылон аԥснытәи аспортсмен Инар Кетиа. Ахԥатәи аҭыԥ азы аматчтә еиԥылара аҿы москватәи акоманда Чечентәылатәи еизгоу акоманда 6:4 ҳәа иаиааит. Аицлабрақәа рҿы аиааира агеит Ареспублика Даӷьсҭан акоманда. Аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит Нхыҵ Уаԥстәыла-Аланиа еизгоу акоманда.
АДЕПУТАТЦӘА АҲАҬЫРТӘ ХЬӠҚӘА РАНАШЬАРА АԤҞАРАҚӘА ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Адепутатцәа актәи аԥхьараҿы «Аԥсны аҳаҭыртә хьӡқәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Венори Бебиа.
Уажәы иҟоу «Аԥсны аҳаҭыртә хьӡқәеи аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз асахьаҭыхҩы», «Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьыӡқәа рыла ахарҭәаареи, иара убас аҳаҭыртә хьӡқәа «Жәлар рартист», «Жәлар рышәҟәыҩҩы», «Жәлар рпоет», «Жәлар рсахьаҭыхҩы» ашәҟынҵара аганахьала азакәан ахәҭаҷқәа иҿыцу аредакциа ала ацҵа алагалареи рзы адгалара ҟаҵоуп.
Азакәан апроект инақәыршәаны:
АДЕПУТАТЦӘА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АБИУЏЬЕҬНҬЫҴТӘИ АФОНДҚӘА РБИУЏЬЕҬҚӘА РЫДЫРКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Апарламент адепутатцәа 2023 шықәсазы абиуџьеҭнҭыҵтәи афондқәа фба рбиуџьеҭқәа рыдыркылеит. Ахәҭак аҵыхәтәантәи аԥхьарҿы ирыдыркылеит, егьи ахәҭа – актәи аԥхьараҿы.
1992-1993 шш. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьеҭнҭыҵтәи афонд 2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 199 млн. 616,9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз Атәанчаҩратә фонд 2023 шықәсазы абиуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 1 млрд 480 млн 308,3 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Иара убасҵәҟьа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы ирыдыркылаз ихымԥадатәиу амедицинатә бгаԥса Афонд 2023 шықәсазы абиуџьеҭ иазԥхьагәаҭоу ахашәалахәқәеи аныхтәқәеи рецҵалыҵ 59 млн. 608 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АУСЗУҨЦӘА АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАРАЗЫ АЗИН ЗЫРҴАБЫРГУА АРШАҲАҬГАҚӘА РХАҬАРА ААРԤШРА АЗЫ АУСМҨАԤГАТӘҚӘА МҨАԤЫРГОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа рхаҭара аарԥшра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит.
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩы Баҭал Агрба иажәақәа рыла, амҩа-ԥыԥшырҭатә маҵзура аинспекторцәа рыла аусшәҟәқәа ргәаҭараан аа-хҭыск рыҟны Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амҩатә ныҟәара ашәарҭадаразы аҳәынҭқарратә Инспекциа (ГИБДД МВД РФ) аҿы ирыҭаз амашьынарныҟәцаразы аршаҳаҭгақәа рхаҭара аганахьала агәҩарақәа цәырҵит.
ИМАҶУУИ ИБЖЬАРАТӘУУИ АУСДКЫЛАРА АЛГЫЛАРА АҬАРА ИАЗКУ АПРОГРАМА АҨБАТӘИ АЕТАП ИАЛАЛЕИТ 43 ПРОЕКТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аекономика Аминистрра аҟны имҩаԥысит «Имаҷууи ибжьаратәууи аусдкылара 2022 шықәсазы адгылара аҭара азы» Апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны апроектқәа ралԥшаара азы анапхгарабжьаратәи акомиссиа изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит.
Акомиссиа аилазаара иалалеит абарҭ ахылаԥшырҭақәа рхаҭарнакцәа: аекономика Аминистрра, афинансқәа Рминистрра, ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра, атуризм Аминистрра, Аҳәынҭқарратә инвестициатә Маҵзура, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, Жәлар Реизара-Апарламент.
Акомиссиа ахантәаҩыс дыҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Озган Кристина.
ЛАША АШӘБА: ЛАҬАТӘИ АТРАГЕДИЯ – АԤСНЫ ЖӘЛАР ЗЕГЬЫ ИМӶЬАӠО АХӘРА РНЫЗҴАЗ, АХААНАЗЫ ХАШҬШЬА ЗМАМ ХҬЫСУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Лаҭатәи атрагедиа ҟалеижьҭеи 30- шықәа аҵра инамаданы ажәлар рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
Ааԥхьара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Жәажәижәаба шықәса раԥхьа, 1992 шықәса, ԥхынҷкәынмза 14 рзы, Лаҭа ақыҭан иҟалаз ахҭыс хлымӡаах ҳәажәлар зегьы рцәа иҭанарӡыӡеит.
Лаҭатәи атрагедиа - Аԥсны жәлар зегьы имӷьаӡо ахәра рнызҵаз, ахааназы хашьҭшьа змам хҭысуп. Амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь аҟнытә Урыстәылатәи аверталиот ақырҭуа қәылаҩцәа еихсны икарыжьит. Аӷа гәымбылџбарала ашәымҭак ала иҭаирхеит 87-ҩык акагьы зхарамыз ауаа.