АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2023

Хабарда ибжьаӡны иҟаз Аԥсны ар аибашьцәа Леонид Пкьыни Арсен Ефендиеви рыԥсыбаҩ анышә амадара иазку алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Хабарда ибжьаӡны иҟаз Аԥсны ар аибашьцәа Леонид Пкьыни Арсен Ефендиеви рыԥсыбаҩ ахаҭара анышьақәдыргыл ашьҭахь  анышә амадара иазку алахьеиқәҵаратә митинг мҩаԥысит Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы. 

Алахьеиқәҵаратә митинг аартуа, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ  Авҭандил Сурманиӡе, Аԥсны иахьа уажәраанӡа ирацәаны иаанханы иҟоуп  зыбаҩ ахаҭара шьақәыргылам аԥсуа еибашьцәа, ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьа ҳзеизаз афырхацәа ҭахеижьҭеи акрааҵуеит, аха урҭ рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыламызт. Аԥсны иахьа уажәраанӡа ирацәаны иаанханы иҟоуп  зыбаҩ ахаҭара шьақәыргылам аԥсуа еибашьцәа. Ари даара иуадаҩу усуп. Урҭ Аиааира рхы ақәырҵеит», – ҳәа иҳәеит иара.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа иажәақәа рыла, иарбан жәларызаалакгьы, иарбан тәылазаалакгьы, Аиааиреи Ахьыԥшымреи рышьақәыргылара рзымариамызт.

«Иахьа, абри аҟара ашықәсқәа анҵы ашьҭахь ҳара иаҳгәалаҳаршәоит Аиааира агара заҟаҩы рыԥсы ахҭнырҵаз. Ҳара зегьы иаҳгәалашәоит ҳажәлар заҟа гәаҟра рхыргаз. Аха иуадаҩӡаз аамҭазы ргәы еиҭамԥеит ҳҵеицәа гәымшәақәа. Иагьа аамҭа царгьы, зыԥсадгьыли зыуаажәлари рыхьчаразы зхы ақәызҵаз ҳҵеи иашақәеи хатәгәаԥхарала урҭ ирывагыланы еибашьуаз ҳашьцәеи ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит. Урҭ рфырхаҵара шьаҭанкыла ҳаԥсҭазаара аԥсахит, ҳара ҭакԥхықәраны иҳадуп Ҳаԥсадгьыл ахьчара, ҳашьцәа рыԥсҭазаара ақәҵаны иаҳзааргаз ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ҳаҭыр ақәҵара ҳуалԥшьоуп. Аибашьра еилгеижьҭеи шьҭа 30-шықәса ҵуеит ҳәа ҳҳәоит ҳара. Аха аибашьра анеилго убасҟан ауп, аҵыхәтәантәи асолдаҭ ишахәҭоу ала анышә данамадахо ашьҭахь», – ҳәа иҳәеит Давид Бжьаниа.

Арсен Ефендиев иԥа Заур Ефендиев аԥсуа жәлар иҭабуп ҳәа раҳәо хабарда ибжьаӡыз аибашьцәа зегьы рыԥшаара алыршахарц азы азеиӷьашьара ҟаиҵеит.

«Иахьа алахьеиқәҵара амш адагьы ҳагәқәа рырҭынчра иамшны иҟоуп. Аԥсны аринахысгьы ишәҭыкакаҷуа, аизҳазыӷьара аиуо иҟалааит. Ҳатрагедиа згәаҟынӡа иназгаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп», –  ҳәа иҳәеит иара.

Леонид Пкьын иҭынха Леонти Абӷаџь еизаз зегьы аҭаацәа рытрагедиа ахьрыцеиҩыршаз азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара Леонид Пкьын иҭоурых еиҭеиҳәеит.

Анаҩс автоматла аицҭырҟьаратә хысра ашьҭахь, аҳәынҭқарратә бираҟқәа рыла ихҩаз аҭоубыҭқәа зҭаз аибашьцәа рыԥсыбаҩ анышә иамардеит. 


Read 194 times - Аҩаша, 26 Цәыббра 2023 19:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.