АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2023

Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз рҭаацәа - атәанчахәы зауа иреиуоу зегьы рыцыԥхьаӡа 20-20 нызықьмааҭ рзыршәоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Атәанчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа далархәны хазы игоу акатегориақәа  ирыҵанакуа атәылауаа ртәанчаратә еиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны аилатәара мҩаԥигеит. Араҟа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз анапынҵа ала, атәыла Анапхгара ҳазҭоу ашықәс азы 4 категориак ирыҵанакуа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз  рҭаацәа зныктәи аԥаратә цхыраара рыҭаразы иаднакылаз аӡбамҭа анагӡара атәы иалацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Иарбоу аӡбамҭа инақәыршәаны, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәарақәа ацхыраара рыҭахоит. Аиааиреи Ахьыԥшымреи 30 шықәса рхыҵра ахьӡала иаку ашәатәқәа раҳасабала 20-20 нызықьмааҭ рзыршәоит иҭахаз рҭаацәарақәа категориала еихшаны:

–  иҭахаз рҭаацәараҟны аусура злымшо;

– аибашьраҟны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа;

– жьҭаарамза 1993 шықәса инаркны ԥхынҷқәынмза 1994 шықәса ирыбжьанакыз аамҭазы иҭахаз хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәа;

– аибашьраан иҭахаз рҭаацәараҟны аинвалид итәанчахәы зауа;

Хаз игоу атәанчаҩцәа ирзыршәараны иҟоу ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 22 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Аԥаратә цхыраагӡа зауа рзеиԥш хыԥхьаӡара – 1094 – ҩык рҟынӡа инаӡоит. Арахь иаҵанакуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рҭаацәарақәагьы.

Денис Гәылариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, иахьа Атәанчаҩратә фонд иарбоу ахықәкы азы ақәҵарала иазԥхьагәаҭаз аԥаратә хархәагақәа рзоужьра мҩаԥнагахьеит.

 


Read 232 times - Аҩаша, 26 Цәыббра 2023 18:55
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.