АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2023

Уажәраанӡа хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз ҩыџьа ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргылахеит.

Аҟәа. Цәыббрмза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи  еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз ҩыџьа ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргылахеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа апресс-релиз аҿы. 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыуацәа, Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ацхыраарала ирзааигәаз ауаа рыԥсыбаҩ ахаҭара ашьақәыргылара алыршахеит ҳәа адырра ҟарҵеит. Аибашьцәа рыԥсыбаҩ рыԥшаара 1992-1993 шш. иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылареи уи иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи раан хабарда ибжьаӡыз  ирлахьынҵахаз аилкааара иазку агуманитартә Координациатә механизм аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаԥысит. 

Амеханизм Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет адгыларала 2010 шықәса раахыс аус ауеит, уи аилазаара иалоуп аԥснытәи еиԥш қырҭтәылатәи алахәылацәагьы. Амеханизм агуманитартә ҟазшьа амоуп, хабарда ибжьаӡыз ауа рҭаацәа рыхьӡала аус ауеит.

Аибашьца рыԥсыбаҩ анышә амадара иазку ацеремониа аламҭалаз иҭахаз аибашьцәа рҭаацәеи рҭынхацәеи ирзааигәаз ауаа рыԥшаара апроцесс шымҩаԥысуаз, иара убас аӡбара-медицинатә маҵзурақәеи апсихологцәеи аиҿкаара «Бридж» аҟынтәи аҭыԥантәи аспециалистцәеи злахәыз урҭ рыԥсыбаҩ аҵхреи аилкаареи  иадҳәалоу апроцесс  амҩаԥысшьа азы азҵаарақәа рыҭареи аинформациа аиуреи рзы алшара роуит.

«Иахьа ҩ-ҭаацәарак ажәашықәсақәа рыбжьара иззыԥшыз ахҭыс ҟалеит. Урҭ ироуит ирзааигәоу ауаа рыԥыбаҩ. Гәык-ԥсыкала срыдышшылоит дара. Еиҳа ирацәаҩны рыԥыбаҩ ахаҭара ашьақәыргыларазы аганқәа зегьы еиҳа активла русура ахәҭаны иҟоуп. Дараӡа акыр аҵанакуеит хабарда ибжьаӡыз ауаа рлахьынҵа аилкаареи анышә иахьамадаз адырреи рзы рҭаацәа рҟынтәи адгылара аиура», - ҳәа илҳәеит Кавказ иахьаҵанакуа хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара иадҳәалоу азҵаарақәа рзы  Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет ахаҭарнак Аниес Коту.

Акоординациатә Хеилак аԥҵара ҟалеижьҭеи инаркны рхаҭара шьақәыргыланы рыуацәа ирыҭан 230-ҩык рыԥсыбаҩ. Иааизакны, 1926-ҩык аруааи атәылауааи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иахьа уажәраанӡа  иԥхьаӡоуп. 

 

 


Read 150 times - Аҩаша, 26 Цәыббра 2023 17:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.