Ҩы-шықәса раԥхьа ақыҭауаа рымчала аҭыԥ рыцҟьаны абаҟа ахьыргылахо аҭыԥ аҿы ахаҳә шьҭарҵеит. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи абаҟа аргыларазы иазоужьеит 3 млн 952 нызықь мааҭ.
26.Цәыббра.2023
Маркәыла ақыҭан иаадыртит иҭахаз аибашьцәа рбаҟа.
Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртит Очамчыра араион Маркәыла ақыҭан.
Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Анапхгара алахәылацәа, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.