АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2023

Гәымсҭатәи аҳаблаҿы иаадыртит Марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳҭнықалақь Гәысмҭа аҳаблаҿы 1993 шықәсазы Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара аҿы иҭахаз аибашьцәа рбаҟа дыргылеит.   

Амемориал аартразы аидеиа рызцәырҵит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Абаҟа аргылара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьниеи Аҟәа ақалақь Ахадареи рҟынтәи ацхыраара иабзоураны имҩаԥысит.

Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, Апарламент адепутатцәа Асҭамыр Герхьелиеи Инар Гыцбеи.    


Read 189 times - Аҩаша, 26 Цәыббра 2023 15:28
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.