АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Цәыббра.2023

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы зхаҭара шьақәыргылаз ҳџьынџьтәылатәи еибашьра аибашьцәа ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа анышә амадара ацеремониа мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк  аҿы, абар 30 шықәса раахыс 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡаз аԥсуа еибашьцәа ҩыџьа –  Ефендиев Арсен Сулҭан-иԥеи Аԥсны Афырхаҵа, аԥырҩы Ԥкьын Леонид Висарион-иԥеи рыԥсыбаҩ ахаҭара шьақәыргыланы анышә рамадара иадҳәалоу алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥысит.   

Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы еизеит шәҩыла ауаа –аибашьцәа-фархацәа рыуацәеи рҭынхацәеи, ирыцеибашьуаз, рҩызцәа, ареспублика анапхгара, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Аибашьцәа рыԥсыбаҩ рыԥшаара 1992-1993 шш. иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылареи уи иашьҭанеиуаз ахҭысқәеи  раан хабарда ибжьаӡыз  ирлахьынҵахаз аилааара иазку агуманитартә Координациатә механизм аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаԥысит.  

Амеханизм Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет адгыларала 2010 шықәса раахыс аус ауеит, уи аилазаара иалоуп аԥснытәи еиԥш қырҭтәылатәи алахәылацәагьы. Амеханизм агуманитартә ҟазшьа амоуп, хабарда ибжьаӡыз ауа рҭаацәа рыхьӡала аус ауеит.

Аибашьца рыԥсыбаҩ анышә амадара иазку ацеремониа аламҭалаз иҭахаз аибашьцәа рҭаацәеи рҭынхацәеи ирзааигәаз ауаа рыԥшаара апроцесс шымҩаԥысуаз, иара убас аӡбара-медицинатә маҵзурақәеи апсихологцәеи аиҿкаара «Бридж» аҟынтәи аҭыԥантәи аспециалистцәеи злахәыз урҭ рыԥсыбаҩ аҵхреи аилкаареи  иадҳәалоу апроцесс  амҩаԥысшьа азы азҵаарақәа рыҭареи аинформациа аиуреи рзы алшара роуит.

Акоординациатә Хеилак аԥҵара ҟалеижьҭеи инаркны рхаҭара шьақәыргыланы рыуацәа ирыҭан 230-ҩык рыԥсыбаҩ. Иааизакны, 1926-ҩык аруааи атәылауааи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хабарда ибжьаӡит ҳәа иахьа уажәраанӡа  иԥхьаӡоуп.


Read 206 times - Аҩаша, 26 Цәыббра 2023 11:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.