Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба атәыла амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа даараӡа иуадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ари ҳара зегьы ҳзы даара иуадаҩу, зыԥшра ҟамҵакәа зыӡбара алыршатәу проблемоуп. Избан есышықәса ҳара ҳамҩақәа рҿы амҩатә машәыр иахҟьны иҭахо рхыԥхьаӡара изацло? Ари аҭагылазаашьа арҽеира азы иарбан уснагӡатәқәоу зегь раԥхьӡа иргыланы имҩаԥгатәу?» – ҳәа иахьа ареспублика амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иазкны имҩаԥысыз акоординациатә еилатәара аҿы дықәгыло аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы Валентин Ҭраԥшь иахь ихы рханы абарҭ азҵаарақәа ҟаиҵеит апрокурор Хада Адгәыр Агрба.
Апрокурор Хада аҳәынҭқарратә автоинспекциа анапхгаҩы амҩақәа рҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа арҽеиразы дызлацәажәаз ауснагӡатәқәа зегьы «ари жәашықәсақәа рзы азԥхьагәаҭарақәа роуп» ҳәа иазгәеиҭеит.
Валентин Ҭраԥшь иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы амҩатә машәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра ззалмыршахо амзысқәа иреиуоу маҷӡам.
«Ауаа лассы-ласы ижәны, мамзаргьы арҩышьыгатә маҭәашьар рыдкыланы амашьына аԥсҟы ркуп. Ари зегьы иреиҳау проблемаӡам. Иара убас амҩатә инфраструктура еиӷьзар алшон. Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәа еиӷьны разыҟаҵара алыршазароуп, апрофиссионалтә кадрқәа разымхара ыҟоуп, уҳәа убас ирацәаны ауадаҩрақәа ыҟоуп», – ҳәа иҳәеит Валентин Ҭраԥшь.
Апрокурор Хада ихаҭа амашьына шныҟәицо азгәаҭо, лассы-лассы хаҭала амҩаҿы азинеилгарақәа дышрықәшәо иҳәеит. «Сара схаҭа амшьына аԥсҟы скуп. Лассы –лассы уахынла амҩа сықәлоит, уи хықәкыла иҟасҵоит. Уаҳа ус сымамкәа акәым, схала избар сҭахуп аҳҭнықалақь аҿы иҟоу. Лассы-лассы сыблала избоит ақалақь агәаҿы иаартны аилагарақәа шыҟало, аха убри аан автоинспекциа аусзуҩцәа уи зынӡа хырҩа анарымҭо.
Сара аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгараҭарахь сасуеит, избан акәзар, сыпрокурорны сыҟоуп, уи азхьамԥшра азин сымаӡам. Сара иҟазҵаз адыррақәа мацарала иаанкылан, анаҩс рымхра мҩаԥган жәабала амашьынақәа. Ҳара иаҳҭахума зусура ишахәҭоу иназмыгӡо аусзуҩцәа?» – ҳәа дҵааит апрокурор Хада.
Адгәыр Агрба аилатәара аҿы иаҳаз аҟынтәи иара амҩақәа рҿы аҭагылазаашьа еиӷьымхаӡеит, уимоу, 2022 шықәсазы иҭахаз рхыԥхьаӡара еиҳахеит ҳәа алкаа ҟауҵар ауеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«2021 шықәсазы иҭахаз рхыԥхьаӡара 42 - ҩык рҟынӡа инаӡон, анаҩс иаалырҟьаны ари ахыԥхьаӡара иацло иалагеит. Убас, 2022 шықәсазы амҩатә машәыр иахҟьаны зыԥсҭазаара иалҵыз рхыԥхьаӡара 22-ҩык рыла еиҳахеит. Ҳара иаадыруеит ари даара иӷәӷәоу проблеманы ишыҟоу. Уи ҳауаажәларра рҿаԥхьа иқәгылоуижьҭеи акрааҵуеит. Хазы игоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡарала уи аӡбашьа аиуӡом. Араҟа комплексла азнеира аҭахуп. Ари ажәахә аҿы иҟаҵатәу зегьы арбоуп, аҭагылазаашьа арҽеиразы ауснагӡатәқәа рсиа ануп, аха уи зегьы шәареи ҳареи ахаангьы иаҳзыҟаҵарым, аиаша уҳәар еиӷьми. Араҟа иҷыдоу ахархәагақәа умазароуп, автомашьынақәа, афото-видео наԥшра акамерақәа, уҳәа убас иҵегьы. Уи зегьы афинанстәра азҵаара ишадҳәаоу зегьы еилаҳкаауеит. Аӡбамҭа адкылара уажәоуп ианаҭаху. Иҳамоу алшарақәа рҟынтәи аусураҿы активра аарԥшра аҭахуп», – ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
Уи зегьы ирыцку ахьырхәрадара, амашьына арныҟәцара акультура аҟамзаара, амҩақәа рҿы адисциплина аҟамзаара ауп ҳәа иазгәеиҭеит иара.
«Амҩақәа рҿы ахьырхәрадара ахаԥышәареи азакәандареи ахылҿиаауеит. Рыцҳарас иҟалаз, убас рхы мҩаԥызго ҳмилаҭ иатәу ауааԥсыра роуп. Иахьа амҩадуқәа рҿы шаҟа машәыр ҟало, убри аан шаҟаҩы ҭахо, нас убарҭ милаҭла изусҭцәоу ҳахәаԥшуазар, еилкаахоит урҭ реиҳараҩык шаԥсыуаау. Ҳреспублика аҿы милаҭ рацәала ауаа шынхогьы, ҳара аԥсуаа ҳхы ишааҭашәо ахымҩаԥгашьа ҳашьцылазшәа збоит, азакәанқәа ҳара ҳзы иҩымызшәа ҳбоит», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Агрба.
«Ауснагӡатәқәа ркомплекс амҩаԥгаразы иаҭахуп миллионла аԥаратә хархәагақәа. Аха урҭ иахьа аҳәынҭқарра иамам, арахь аамҭа ҳзыԥшуа иҟам. Убри аҟнытә иҳамоу алшарақәа ҳхы иархәаны, ари апроблема иахьа иахымгакәа аӡбара алырштәуп», - ҳәа иажәахә хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Адгәыр Агрба.