АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Цәыббра.2023

Цәыббрамза 30 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит акциа «Ԥсра зқәым аполк».

Аҟәа. Цәыббрамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 30 – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа аҽны имҩаԥысраны иҟоуп 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку акциа «Ԥсра зқәым аполк».

Абри азы иахьа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟарҵеит аибашьра иалахәыз аҳәса-аинвалидцәа Рассоциациа ахантәаҩы Лариса Ҭарбеи амобилтә еимадара Аилазаара  «А-Мобаил» ахаҭарнак Асҭанда Ҷкадуа.

Асҭанда Ҷкадуа ажурналистцәа акциа шымҩаԥысло атәы рзеиҭалҳәеит:

«Ԥсра зқәым аполк» – ари абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы есышықәса Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа азы имҩаԥысуа жәлар ракциа ауп. Амобилтә еилазаара «А-Мобаил» аибашьра иалахәыз аҳәса-аинвалидцәа Рассоциациа акциа амҩаԥгараҿы ацхыраара рынаҭоит. Сынтәа «Ԥсра зқәым аполк» ареспубликатә ҩаӡараҿы аиҿкаразы ҳара афотосахьақәа ркьыԥхьра, абираҟқәа реиқыршәара, амҩасра алахәылацәа аӡрыжәтәи егьырҭ ихымԥадатәиу амаҭәахәқәеи рыла реиқәыршәара азы аҭакқхықәра ҳхахьы иаҳгеит», –  ҳәа илҳәеит лара.

Акциа алахәылацәеи аибашьра аветеранцәеи рзы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку агәышԥытә дыргаҷқәа рхиоуп.

«Урҭ ҳара аҭыԥаҿы иаҳшалоит. Акциа иалахәхо реизгара алагоит Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа, Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы, асааҭ  10.30 рзы. Уаҟа ҳара урҭ афотосахьақәа рзаҳшоит», - ҳәа илҳәеит Асҭанда Ҷкадуа.

Асааҭ 11:00 рзы аколонна Ахьӡ-Аԥша апарк аганахьала идәықәлоит, уаҟа иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥгахоит, анаҩс акциа иалаху Ахақәиҭра Ашҭахь идәықәлоит, анаҩс арратә парад ашьҭахь уа иқәсуеит.  

«Акциа ахьӡ «Ԥсра зқәым апол» ахала ахазы ицәажәоит. Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз рыхьӡ кашәара ақәым. Урҭ ргәалашәара ыҟанаҵы, даргьы рыԥсы ҭоуп.  Сынтәа акциа амҩаԥгараҿы ацхыраара ҳанаҭоит амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил».  Дара ҳацхрааит афотосахьақәа ркьыԥхьреи урҭ зҭасоу рырҿыцреи рҿы. Иара убас иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аҵара Аминистрра иҟанаҵо ацхыраара азы. Избан акәзар афотосахьақәа кны ииасуа аиҳарак аиҳабыратәи аклассқәа рҿы аҵара зҵо ашколхәыҷқәа роуп»,  - ҳәа еиҭалҳәеит Ассоциациа ахантәаҩы Лариса Ҭарба.

Лара афотосахьақәа рнагара иахьымӡаз акциа алахәхара азы урҭ Аҟәа ақалақь, Абаза рымҩа аҩны №55 ала иҟоу аофис ахь анагара рылшоит ҳәа  илҳәеит.

«Аофис аҿы иахьазы ирхиоуп 1 100 рҟынӡа ҳфырхацәа рпортретқәа. Афотосахьақәа рхианы аофис ахь анагара иахьымӡаз, уи азы макьана алшара рымоуп. Сынтәа, иаҳзаараны иҟоуп хатәгәаԥхарала еибашьуаз, араҟа иҭахаз аибашьцәа рҭаацәа, урҭ рҟынтәи аӡәырҩы имҩаԥааго акциа рхы аладырхәуеит, доусы рыуацәа рфотосахьақәа кны ииасуеит».


Read 208 times - Ашәахьа, 25 Цәыббра 2023 18:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.