Аҟәа. Цәыббрамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 71-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит апоетесса Инна Ҳашԥҳа.
Аԥсуа поетеса, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ, ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хада Инна Никәала-иԥҳа Ҳашба диит лаҵарамза 20, 1953 шықәса Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан. Асовет Еидгылеи (1989) Аԥсни ашәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа рлахәла, Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла алахәыла.
1979 шықәсазы - А.М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт афилологиатә факультет далгеит.
1977 шықәса инаркны — Агазеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» акорреспондент.
1985 шықәса инаркны — Аԥснытәи аҳәынҭқарратә шәҟәҭыжьырҭа аредактор, иара убри ашықәс анҵәамҭа инаркны — ажурнал «Алашара» аредакциа аҟәша анапхгаҩы.
1995 шықәса инаркны — Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи адиректор.
2003 - 2005 шш. — Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд адиректор.
2007 шықәса инаркны ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактор хадас дыҟан.
Лара аԥсҭазааратә ԥышәа ду лоуит, уи леиҿкааратә лшарақәа аиҳарак ала иаарԥшхеит Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Алитература-мемориалтә музеи адиректорс даныҟарҵа ашьҭахь, иара убас Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд адиректори ахәыҷтәы журнал «Амцабз» аредактори рмаҵураҭыԥ аҿы аус анылуаз. Инна Никәала- иԥҳа аус ахьылуазаалагьы аус лыцузуаз зегьы рҿы ҳаҭар лықәын.
Инна Ҳашба 1972 шықәса раахыс лырҿиамҭақәа акьыԥхь ахь ицәырҵуан. Уи лажәеинраалақәа, лочеркқәеи лыстатиақәеи кьыԥххьон ажурналқәа: «Алашара», «Абаза»; агазеҭқәа: «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны», «Еҵәаџьаа», «Литературная газета» (ақ.Москва); аизгақәа: «Однажды в апреле. Стихи» (ақ. Қарҭ, 1982ш.), «...Памятник нам сыновей не заменит... Стихи и песни» (ақ. Аҟәа, 1994ш.), «Ахаҵарашәа. Ажәеинраалақәа. Ажәабжьқәа. Астатиақәа. (Аҟәа–Сухум, 1995); во втором томе «Аԥсуа поезиа Антологиа. XX ашәышықәса» (Аҟәа–Москва, 2001; 2009)уҳәа убас иҵегьы.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы аԥсышәала иҭыҵуан Инна Ҳашба авторс дызмоу ажәеинраалақәеи апоемақәеи аочеркқәеи астатиақәеи реизга, иара убас 3-шәҟәыкны иҟоу «Аҩымҭақәа реизга». Убри ала лара амилаҭтә поезиа аҿиара ллагала ду алалҵеит. Инна Никәала-иԥҳа Ҳашба лгәалашәара лколлегацәеи лҩызцәеи ргәаҵаҿы наунагӡа иаанхоит.
Инна Ҳашба аҵыхәтәантәи лымҩахь лынаскьагара иазку алахьеиқәҵаратә церемониа мҩаԥгахоит аԥшьаша, цәыббрамза 28 рзы, Аҟәа ақалақь, арҵаҩы Иҩны аҿы. Аусмҩаԥгатә алагоит асааҭ 14:00 рзы. Аԥсы анышә дамадахоит Гәылрыԥшь араион Дранда ақыҭан.
Аԥсны ашәҟәыҩцәа Реидгыла Инна Ҳашба лыуацәеи лҭынхацәеи илыдышшылоит.