Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа Қырҭтәыла аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 30-шықәса ҵит. Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы имҩаԥысит 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз аибашьцәа Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭацара мҩаԥысит.
Иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, Апарламент адепутатцәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәеи иҭахаз рҭынхацәеи.
Аҟәа аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы аоперациа алагеит цәыббрамза 16, 1993 шықәсазы. Аҟәа ахақәиҭтәразы аиҿагылара ӷәӷәақәа мҩаԥысуан инеиԥынкыланы 12 мшы. Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәыларатә операциа напхгара арҭон Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-маиор Сулҭан Сосналиеви Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада Сергеи Дбари.
Аԥсуа еибашьцәа ацәыӡ дуқәа шрымазгьы, мҩадуцыԥхьаӡа, ҩныцыԥхьаӡа, абжьаларҭақәа, ахыбрақәа, уҳәа, шьаҿа-шьаҿала, аҳҭнықалақь ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рҟынтәи ахы иақәиҭыртәон. Ҳаибашьцәа гәымшәақәа ирылшеит 12-нызықьҩык рҟынӡа инаӡоз аӷа хәымга ирхәҭақәа шьҭахьҟа рынаскьагара. Аҵыхәтәаны, цәыббрамза 27, 1993 шықәса рзы ҳаҳҭнықалақь агәаҿы игылаз Аминистрцәа Реилазаара ахыбра иахашәыршәырит Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ. Ҳаԥсадгьыл аҳҭнықалақь ахы иақәиҭтәын. Ари амш Аԥсны иқәынхо зегь ҳзы крызҵазкуа мшуп. Аҟәа аӷа даламкәа аҭарцәра иаанагоз Аԥсны аӷа далцоуп акәын! Араҟоуп иахьыҵхыз Аиааира ашьаҭа! Иаанхаз хымш рыла аӷа дыԥхаҵан шьҭахьҟа. Цәыббра 29 рзы аҭоурыхтә хҭыс ҟалеит: Кәыдры ацҳаҿы еиԥылеит Гәымсҭатәи (Мраҭашәаратәи) Мрагыларатәи афронтқәа.
Цәыббра 30 рзы аԥсуа ар Егры аӡиас ахықәанӡа инаӡеит – Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәаа инхықәгылеит. Аӡиас ахықәан Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ шьҭырхит.