АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Цәыббра.2023

Мрагыларатәи афронт аветеранцәа ашьапылампыл азы аиҩызаратә матч аҿы аиааира ргеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 30-шықәса аҵра иазкны иахьа Аҟәатәи астадион аҿы имҩаԥысит Мрагыларатәи Гәымсҭатәи (Мраҭашәаратәи) афронтқәа рветернцәа ршьапылампылтә командақәа рыбжьара аиҩызаратә матч мҩаԥысит.

«Иахьа шәыхәмарра иахәаԥшырц иааит абиԥара ҿыц иаҵанакуа аҿар. Урҭ шәара шәфырхаҵареи шәҟазшьеи ирыбзоураны ари аусмҩаԥгатә алахәхара азин рымоуп. Шәара усҟан иҟашәҵаз иабзоураны ҳара иахьа аԥсҭазаара ҳамоуп. Шәара шәаҳҿыԥшны ииашаны анхара ҳҵоит. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәаҳҳәоит уи азы!» - ҳәа аветеранцәа рахь ихы рханы иҳәеит Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа апрезидент  Шабаҭ Логәуа.

Аматч даара аинтерес аҵаны имҩаԥысит. Уи асчиот 3:2 ҳәа Мрагыларатәи афронт акоманда аиааирала ихыркәшахеит.  

Аматч анхыркәшаха ашьҭахь, ахәмарыҩцәа напеинҟьарала ахәаԥшцәа иаадырԥшыз ахшыҩзышьҭра азы иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Аматч аиҿкаара ахахьы иагеит – Аԥсны ашьапылампыл Афедерациа.

 

 


Read 196 times - Ахаша, 27 Цәыббра 2023 18:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.