
pressadmin-2
АҲАЗЫЛХРАТӘ ԤЫԤШЫРҬА “ЕГРЫ” АҾЫ АШӘҞӘЫ ИҬАГАЛАМЫЗ АТАУАР АҲӘАА АХГАРА АԤХЬЫРҞӘҞӘААРА АЛЫРШАХЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҳазылхратә усбарҭа «Гал» аусзуҩцәа рыла ироуз аоперативтә информациа ала, жәабранмза 9 рзы аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Егры» аҟны аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа иаауаз атәылауаҩ инапылаеидара агәаҭара мҩаԥыргеит. Уи идырбалеит иагьимырхит амра фымцатә батареиа ала еиқәыршәоу апортативтә фымцатә станциа акомплект. Уи иҟоу аԥҟарақәа инақәыршәаны ишахәҭоу ала ашәҟәы иҭагалаӡамызт.
АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҞНЫ «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҚЫҬАНХАМҨАЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТИ «АГЕОДЕЗИАТӘИИ АХСААЛАҨЫРАТӘИ УСУРЕИ АНАӠААӠАРАТӘ РБАГАҚӘЕИ РЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТИ ИРЫХӘАԤШИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак аилатәара. Ахантәаҩы Ҭемыр Беиа имҩаԥигаз Аилак иалахәын Апарламент адепутатцәа, Апарламент аҟны иҟоу Аԥсны Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.
Амш азҵаара инақәыршәаны иахәаԥшын «Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩазы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан апроект. Ари азакәан адкылара алшарақәа аԥнаҵоит ақыҭанхамҩатә усхк, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аџьармыкьа, аӡеи афатә аалыҵи рҳәаақәҵаразы апринцип хадақәа рзы, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аарыхра амаҵ аура аусхкгьы налаҵаны.
Аусураан Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит Аҳәынҭқарратә программала ақыҭанхамҩа аусхк ашықәсазтәи Ареспубликатә биуџьет аҟнытә 5% иреиҵамкәа иартәозароуп ҳәа финансла аиқәыршәара амҽхак апрограмма анагӡара анымҩаԥысуа аамҭа зегьы, УА аҟнытә иааиуа афинанстә цхыраагӡақәа аламҵакәа, иагьадгылеит азакәанапроект иақәнагоу арҽеирақәа ралагалара.
Иара убас адепутатцәа «ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аиҭаусадулара аҿиареиԥш» иҟоу ахырхарҭа аҳәынҭқарратә дгылара иадҳәалоу аҟәша харҭәаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.
АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҞНЫ «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АҚАЛАҚЬРГЫЛАРАТӘ ЗАКӘАНЕИДКЫЛА АУСУРА АЛАРГАРАЗЫ» АХАКӘАН АПРОЕКТ ИАЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Сухум. 13 февраля 2023. Апсныпресс. Апарламент аҟны имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак аилатәара.
Аилак алахәцәа алацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатә закәанеидкыла аусура аларгаразы» азакәан апроект. Иӡбан ари азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵара.
Аилатәараҟны иахәаԥшын иара убас «Ареспубликатәи амуниципалтәи хатәтәра априватизациа азуразы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аԥсахрақәа ралагаларазы» Азакәан апроект.
Азакәанапроект авторцәа аус зуа азакәан иалгатәуп ҳәа азырыԥхьаӡеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа Реилазаара иазнархиаз ареспубликатәи амуниципалтәи хатәтәра аобиектқәа реиқәыԥхьаӡа.
Азакәан апроект азы аилыркаагатә шәҟәыбӷьыц аҟны иҳәоуп: «Ари аԥҟара иара убас аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәагьы аҵанакуеит, ҷыдала, ас еиԥш иҟоу азнеишьақәа азԥхьагәазҭо анорма аныхтәуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа рганахьалагьы.
Убри аан, Аилак алахәцәа апроект ала Аминистрцәа Реилазаара азинмчқәа харҭәаатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, априватизациа ззухо ареспубликатәи амуниципалтәи хатәтәра ахә ақәҵаразы аԥҟарақәеи аметодқәеи Аминистрцәа Реилазаара иазнархиоит, Жәлар Реизарахь ашьақәырӷәӷәаразы иагьнанагоит ҳәа азгәаҭаны.
Ари аҿыцра хықәкы хаданы иамоуп априватизациатә процесс еиҳа лыҵшәа аманы амҩаԥгара, избан акәзар ари арҽеира адкыларала Апарламент априватизациа апроцесс анырра аҭаразы алшара аиуеит».
ЖӘАБРАНМЗА 17 -19 РЗЫ ТАМШЬ АҚЫҬАН ИМҨАԤЫСЛОИТ АШАХМАТТӘ ФЕСТИВАЛЬ «АБХАЗИЯ. ТАМЫШ-VILLAGE 2023».
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 17 – 19 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥгахоит есышықәса имҩаԥысуа, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар рџыьанџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса ахыҵра иазку Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «АБХАЗИЯ. ТАМЫШ-VILLAGE 2023».
150 НЫЗЫҚЬ МААҬ ИНАРЕИҲАНЫ ЕИЗЫРГЕИТ АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСЫЗ АГӘЫҲАЛАЛРАТӘ КОНЦЕРТ АҾЫ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 150 нызықь мааҭ инареиҳаны еизыргеит Ҭырқәтәылеи Шьамтәылеи иҟалаз адгьылҵысра аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭара иазкны жәабранмза 11 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз агәыҳалалратә концерт аҿы.
Аконцерт еиҿыркааит акультура аминистрреи арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилаки.
Аконцерт рхы аладырхәит Аҳәынҭқартә хортә капелла, Аԥсны жәлар рартист Давид Терзиан напхгара зиҭо Аҳәынҭқарратә камертә оркестр, Аԥсны жәлар рартист Нинель Бжьаниа, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Гәылиза Аҩӡба, Нана Черқезиа, Алхас Ферзба, Елена Ҳагба, Мариа-Емилиа Терзиан-Ҳагба.
Агәыҳалалратә акциа онлаин режим ала иацҵахоит абри азхьарԥш ала https://clck.ru/33VPcr (Хәытаба Инал Лавренти-иԥа – арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аџьынџьуаа рымадара азы аҟәша анапхгаҩы).
Адгьылҵысра аҿы ааха зауз агуманитартә цхыраара рыҭара аиҿкаара анаҭоит иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра.
ДАУР АҚАҨБА ЛИУДМИЛА ГӘЫМҨА ЛИУБИЛЕИ ЛЫДИНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар рартистка, «Ахьӡ-Аԥша» ll аҩаӡара аорден занашьоу Лиудмила Гәымба ашәахьа, жәабранмза 13 рзы 70 шықәса лхыҵит.
Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба ашәаҳәаҩ длыдныҳәалеит, агәабзиара, агәамч, аԥсҭазаара бзиа, даҽа акыр шықәса лзыӡырҩцәа лырҿиаратә усура ала илыргәырӷьаларц азы азеиӷьашьара ҟаиҵеит.
«Гәык-ԥсыкала ишәыдыснышәалоит шәиубилеи. Шәара – ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз уаҩуп. Шәыԥсҭазаара зегьы шәыжәлар рымаҵ аура иазышәкит, шәырҿиаратә мҩа – иахьатәи аҿар рзы иҿырԥшыганы иҟоуп, уи арҿиареи аҟазареи ишрызныҟәатәу зеиӷьаҟам ала иунарбоит», - ҳәа иазгәеиҭеит акультура аминистр.
ЖӘАБРАНМЗА 13 ИНАРКНЫ АӠИА РИҴА АХЬ АӠЫНТӘИ АГЬЕЖЬХАРԤАҚӘА ЗМАМ АМАШЬЫНАҚӘА РЫЛА АНЫҞӘАРА ҞАЛАӠОМ.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13 инаркны Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ахырхарҭа ала ашәарҭадара атехника анормақәа реилагарала аныҟәара азы азин ҟалаӡом.
«Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, Риҵатәи атрассеи ареликтә милаҭтә парки иахьрыҵанакуа иуадаҩу аҭыԥқәа рҿы амҩатә шәарҭадара аиқәыршәара хықәкыс иҟаҵаны, аӡынтәи агьежьхарԥақәа змам амашьынақәа рыла аныҟәара азы азин ҟалаӡом», - ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Ари ауснагӡатә аӡынтәи аамҭахәҭа азы амҩаҿы амашәыртә хҭысқәа рыԥхьырҟәҟәаареи иара убри ала Аԥсны ауааԥсыреи асасцәеи ргәабзиареи рыԥсҭазаареи рыхьчареи рзы ихымԥадатәиуп.
214 – ҨЫК АМАШЬЫНАРНЫҞӘЦАҨЦӘА ИЖӘНЫ АМАШЬЫНА АԤСҞЫ АХЬЫРКЫЗ АЗЫ АДМИНИСТРАТИВТӘ ХЬЫРХӘРА ИАҚӘЫРШӘОУП.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥгаз апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, иҳаҩсыз амчыбжь азы иаарԥшхеит 1 963 инарзынаԥшуа амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа реилагара, ҳәа иаанацҳауеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Урҭ рахьынтә:
185-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа автосаркьақәа рыԥшшәахәыркра анормақәа реилагара азы;
214-ҩык амашьынарныҟәцаҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы акра азы административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
АТӘЫЛАХЬЧАРА АМИНИСТРРА АҞНЫ АЖЬЫРНЫҲӘАМЗА, 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АРХӘҬАҚӘА РАЗЫҞАҴАРА АИХШЬААЛАҚӘА ҞАРҴЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2022 шықәса. Апсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҟны ажьырныҳәамза, 2023 шықәса аламҭалазы архәҭақәа рырратә зыҟаҵара иазкны инагӡаз аусмҩаԥгатәқәа реихшьаалақәа ҟарҵеит.
Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада анапхгаҩы, аинрал-леитенант Владимир Савченко ихантәаҩрала имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәа, арратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа, атәылахьчаратә хылаԥшырҭа аҟәшақәеи амаҵзурақәеи рнапхгаҩцәа, арратә хәҭақәа ркомандаҟаҵаҩцәа, амедицинатә маҵзура анапхгаҩы, ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи ркомиссарцәа.
Ажәахәқәа ҟаҵо иқәгылеит: арратә комендант (азинеиҿкаара аҭагылазаашьа азы), аԥшыхәра анапхгаҩы (арра-политикатә ҭагылазаашьа азы), аибашьратәии аморал-психологиатәии ҽазыҟаҵара аусбарҭа анапхгаҩы (архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рҿы аибашьратә ҽазыҟаҵара аҭагылазаашьеи ааӡаратәии акультура-ԥсшьаратә усура аиҿкаареи рзы), Аԥсны Аҳәынҭқарра арратә комиссар.
ТАМШЬ АҚЫҬАН ЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАЗ АЦҚЬА НИКӘАЛА АЏЬАШЬАХӘҞАҴАҨЫ ИХЬӠ ЗХУ АНЫХАБАА АԤШЬАРА МҨАԤЫСИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Асабша, ажьырнаҳәымза 28 рзы Очамчыра араион Тамшь ақыҭан ааигәа еиҭашьақәыргылаз Ацқьа Никәала Аџьашьахәҟаҵаҩы ихьӡ зху ажәытәӡатәи аныхабаа аԥшьара иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Анцәахаҵаратә литургиа мҩаԥыргеит Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама ахада, аиереи Виссарион (Аԥлиаа), Аԥсны адинмаҵзура аԥшьаҩцәеи. Аныхабаа аҿы ашәа аҳәон Аҟәатәи акафедралтә ныхабаа ауахәаматә хор.