АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2023

Акультура Аминистрра зметраж кьаҿу адокументалтәи асахьаркыратиә афильмқәа рконкурс ахь ицәыргаз рҟынтәи 6-усумҭак алнахит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны акультура Аминистрра 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазку зметраж кьаҿу  адокументалтәи асахьаркыратәи афильмқәа рконкурс ахь ицәыргаз 19 фильм рҟынтәи 6-усумҭак алнахит.  

Аконкурс аихшьаалақәа рыла х-документалтә фильми х-сахьаркыратә фильми  алкаахеит.

«Ҳара иаҳзаашьҭын аконкурс алахәхаразы 19 зыҳәамҭа, уи ас еиԥш иҟоу аформат азы даара ибзиоуп. Ҩ-етапк рышьҭахь иалаҳкааит аиааира згаз афильмқәа фба. Уи – Манана Кококсқьыр, Фатима Кәыҭелиа, Елеонора Гилоиан иҭырхыз адокументалтә фильмқәеи Ҭенгиз Џьопуа, Даур Ладариа, Сабина Харџьелиа иҭырхыз асахьаркыратә фильмқәеи роуп.

Аусумҭақәа зегьы цәыббрамза 25 – 26 рзы арбаразы еиқыршәоуп. Аконкурс алахәылацәа рзы ари рырҿиаратә планқәа рынагӡаразы зеӷьаҟам лшараны иҟалеит», – ҳәа иҳәеит акультура Аминистрра акино азы аспециалист Дауҭ Логәуа.

Афильмқәа дырбара мҩаԥгахоит цәыббрамза 25, 26, асааҭ 16:00 рзы Аҟәа ақалақь, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи аҿы. 


Read 150 times - Ахәаша, 22 Цәыббра 2023 14:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.