Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 27, асааҭ 11:00 рзы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥгахоит афотоцәыргақәҵа «Аибашьра ашықәсҩыра». Араҟа ицәыргақәҵахоит апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа лархив аҟынтәи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџтәылатәи еибашьра иалахәыз аибашьцәа рфотосахьақәа.
«Цәыббрамза 27 рзы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит схатә архив аҟынтәи афотосахьақәа. Аекспозициа иалоуп 1500-ҩык аибашьцәа еидызкыло 170-цыра афотосахьақәа. Иара убри аҽныҵәҟьа, асааҭ 12:00 рзы ААУ аҿы «Шьала иҩу асаламшәҟәқәа» ҳәа хыс измоу сышәҟәы ҿыц аӡыргара мҩаԥысуеит. Уи ажурналист Гарри Дбар игәалашәара иазкуп», – ҳәа И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы дықәгыло еиҭалҳәеит лара.
Цәыббрмза 28, асааҭ 11:00 рзы, Екатерина Бебиа лархивтә фотосахьақәа рцәыргақәҵа еиҿкаахоит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿаԥхьа.
Цәыббрамза 29 рзы аекспозициа дырбахоит Очамчыра ақалақь аҿы.
Афотоцәыргақәҵа аиҿкаараҿы Екатерина Бебиа афинанстә цхыраара лынаҭеит амобилтә еимадара Аилазаара «А-Мобаил».