Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Москва Аҩны адиректор иабжьгаҩ Борис Наҟоԥиа Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра маҷк ада зегьы аурыс бызшәа ибзианы ирдыруеит ҳәа иазгәеиҭеит. «Ашколқәа рҿы ихадоу амаҭәарқәа зегьы аурыс бызшәала, урыстәылатәи аҵаратә программа инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Убас ала, Аԥсны Урыстәылатәи акультура-ҵарадырратә ҵакыра шьақәгылеит ҳәа иуҳәар алшоит. Уи ҳара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы, аекономикатәи анаука-техниатәи уахь иналаҵаны, интенсивла аусеицуразы алшара ҳзаԥнаҵоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аусмҩаԥгатә иалахәхоит ҩынҩажәижәаба-ҩык инареиҳаны Аҟатәи ашколқәеи Аԥсны егьырҭ ашколқәеи алагарҭатә классқәа рҿы аурыс бызшәа рызҭо арҵаҩцәа.
Алекториа апрограмма иазԥхьагәанаҭоит аҵаратә литература ахҳәаа аҟаҵара, амастер-классқәа, иара убас Москватәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Университети Урыстәыла аҵара Аминистрреи аспециалистцәа рыла аинтерактивтә лекциақәеи апрактикумқәеи рымҩаԥгара. Урҭ ҳаамҭа иақәшәо еиуеиԥшым апедагогикатә технологиақәа, аурыс бызшәа аурокқәа рҿы апроекттә усура амҩаԥгара, аҵарадырра апроцесс аҿы аквестқәа ртәы, ҳаамҭа иақәшәо ахәыҷтәи аҵаратә литературеи арҵаҩцәа рзы аметодикатә цхыраагӡатәқәеи, аилыркаагатә текстқәа рышьаҭала аҵара дырҵара атәы, уҳәа хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым атемақәа ирылацәажәараны иҟоуп.
Алекториа аихшьаалақәа рыла, арҵаҩцәа хьыӡҳәала асеитификатқәа рыҭахоит.