АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Цәыббра.2023

Цәыббрамза 28 – 30 рзы Аҟәа қалақь агәы аҿы автотранспорт аныҟәара аганахьала аԥкрақәа алагалахоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 21, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба амчратә структурақәа рхаҭарнакцәеи Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешбеи алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.  Абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аиԥылара иалахәыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 30-шықәса азгәаҭара аҽазыҟаҵара азҵаарақәа ирылацәажеит.

Ишьақәырӷәӷәан аплан. Уи инақәыршәаны, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ала цәыббрамза 28 – 30 рзы Аҟәа ақалақь агәы  аҿы автотранспорт аныҟәара аганахьала аԥкрақәа алагалахоит. 

Убас, цәыббрмза 28 рзы аныҟәара аанкылахоит Аџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш иазку апарад арепетициа Хада амҩаԥгара инамаданы.  Арепетициа иалахәхоит апарадттә арратә гәыԥқәеи аибашьыгатә акәалӡтәы техникеи.  

Цәыббрамза 28, 30 рзы, асааҭ  06:00 инаркны  13:00 аҟынӡа Ахақәиҭра Ашҭа азааигәара иҟоу амҩақәа:  В. Арӡынба, Д. Гәлиа, В. Басариа, Г. Ӡиӡариа, С. Дбар,  А. Пушкин, Аидгылара, Аиааира апроспекти ахәҭак, А.Пушкин имҩа аҟынтәи А.Ҷоҷуа имҩа аҟынӡа амашьынақәа рныҟәара аамҭала иаанкылахоит.  

Арҭ амшқәа рзы Н.Лакоба имҩала ҩ-ганктәи аныҟәара еиҿкаахоит. Убри инамаданы, уаҟа амашьынақәа рыргылара азы зынӡа азин ҟалаӡом.

Цәыббрамза 28, 30 рзы Аҟәатәи Аихамҩатә вокзал аҿаԥхьаеи Кәыдрытәи амҩаду ала аихамҩатә станциа «Киалашәыр» аҿаԥхьеи аамҭалатәи иаарту автомашьынақәа рырыгарҭақәа  еиҿкаахоит. Араҟа иара убас ауааԥсыра рырманшәаларазы ауаажәларратә транспорт иназыцҵоу ихәыда-ԥсадоу амаршрутқәа еиҿкаахоит.

Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рзы аҭакԥхықәра зду аструктурақәа уааԥсыра иалагалахо аԥкрақәа рзы адырра рыларҵәара азы адҵа риҭеит.


Read 142 times - Аԥшьаша, 28 Цәыббра 2023 17:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.