АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Цәыббра.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара 33 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.

Сухум. 20 сентября 2023. Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аслан Бжьаниа Алан Гаглоев Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара 33 шықәса ахыҵра идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы аахыҵуаԥстәылатәи ажәлар зегьи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспублика аԥҵара 33 шықәса ахыҵра.

Акырӡа зҵазкуа ари амш иаҳәоит шәыжәлар асуверенитети ахьыԥшымреи рахь инагаз амҩаҟны иаадырԥшыз агәамчи агәаӷьреи.

Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала Аахыҵ Уаԥстәыла анапхгареи ажәлари изыниоз ауадаҩрақәеи ашәарҭарақәеи ириааины иаадырԥшуан ԥгара змам акреи аидгылареи. Шәара хаҭала аҳәынҭқарра аргылараҟны ишәымоу ахачҳара апатриот иаша Аԥсадгьыл ахь имоу абзиабаразы ҿырԥшы бзиоуп. 

Сара агәра згоит аиашьаратә Аахыҵ Уаԥстәыла ажәлар рԥеиԥш бзиа ачаԥара иазку аҿиареи аизҳазыӷьареи еихсыӷьра ақәӡамкәа ишымҩаԥысло.

Аԥсни Ааахҵ Уаԥстәылеи еидызкыло акәны иҟоуп иҷыдоу аизыҟазаашьақәеи азеиԥш ҭоурыхи. Агәра згоит ҳреспубликақәа реизҳазыӷьара ахьӡала ҩ-ганктәи аусеицура аҿиара ишацҵахо. 

Ҳаҭыр зқәу Алан Едуард-иԥа, ишәыдысныҳәалоит ари аныҳәа ду. Шәаргьы напхгара ззыжәуа ҳаиашьаратә жәларгьы ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра».

 

 


Read 118 times - Амҽыша, 24 Цәыббра 2023 13:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.