pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза  23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә Библиотека ахыбра азааигәара аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Мушьни Ҳашба,  Иван Папасқьыр ргәалашәара аҳаҭыр азы аҵлақәа еиҭарҳаит .

Аллеиа аартра аԥсуа шәҟәыҩҩы Иван Папақьыр диижьҭеи 120- шықәса аҵра иамадахеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 22 рзы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага  Муҳаммед Али Шьамтәыла аимадареи аԥкаанҵеи Рдепартамент адиректор Анфауан Аль-Наиб диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аганқәа ахәҭакахьала ахәаахәҭра-економикатә усхкқәа рганахьала знапаҵыҩра мҩаԥгоу аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура активизациа иалацәажәеит.  

Аиԥылара аҿы иара убас 2023 шықәса актәи аԥшьбара азы знапаҵыҩра азԥхьагәаҭоу аиқәшаҳаҭрақәеи аекономикатә, ахәҳаахәҭратә, анаукатә, атехникатә, акультуратә усеицура азы аҩганк ирзеиԥшу Акомитет аилатәара амҩаԥгареи ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан шьақәдырӷәӷәеит. Атәыла аԥсаӡҵла Хада аныҳәатә аартра ацеремониа мҩаԥысуеит Ахақәиҭра Ашҭаҿы, ԥхынҷкәынмза  25, асааҭ  18:00 рзы. Ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи арлахҿыхратә программақәа аҳҭнықалақь аҳаблақәа зегьы рҿы еиҿкаахоит.  

Ԥхынҷкәынмза 26 – 29 рзы Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа Ашықәс Ҿыц рыдныҳәалара  иазку амузыкатә қәгылара мҩаԥысуеит.  Иара убас ауаҩы ишәара иҟоу акьанџьақәа рыцнеиааиреи афотосессиақәеи еиҿкаахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҷыдоу акатегориа иаҵанакуа ахәшәқәеи амедицинатә маҭәашьарқәеи раиуразы азин узҭо арецептқәа ралҩаара апроблема иазкын иахьа имҩаԥысыз асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы аилатәара.

Аилатәара Аилак алахәылацәа рнаҩс иалахәын атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа напхгара зиҭо аԥснытәи аԥсеиқәырхаҩцәа Лугансктәи Жәлартә Республика иаҭааит, ҳәа иаанацҳауеит аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.

Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапынҵала Лугансктәи Жәлартә Республика ахь 20 тонн инареиҳаны амандарина наргеит. Аиашьаратә жәлар аҟынтәи ацитрустә шәырқәа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раламҭалазы ареспублика иқәынхо ахәыҷқәа ирызшахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа имҩаԥысит Аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы аилак изаамҭанытәиу аилатәара.

Аилак аҟны иалацәажәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ақалақьргыларатәи аргыларатәи Закәанеидкыла апроект. Ари апроект алацәажәара анаҩс Аилак алахәцәа азыӡба рыдыркылеит абри азакәанапроект Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент изаамҭанытәиу асессиа аилатәара амш азҵаара алаҵаразы, ахԥатәи аԥхьараан адкылара рабжьыргарц.

Иазгәаҳҭаԥ, 2017 шықәса хәажәкырамза 2 аҟнытә Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Ақәҵарала азыӡба шрыдыркылаз ари азакәанапроект аԥхьарақәа ԥшьба рыҟны рыхаԥшразы. Аҩбатәи аԥхьараан  иара рыдкылан 2017 шықәса хәажәкырамза 2 рзы. 

Аилатәара амш азҵаара инақәыршәаны адепутатцәа ахәаԥшит «Аккредитациазы» азакәан апроект. Уи аззырхиаз ргәаанаграла, ари азакәан адкылара иалнаршоит атауар ашәарҭадареи ахаҭабзиареи ахә ашьара иадҳәалоу аџьармыкьатә еизыҟазаашьақәа акыр анырра анаҭоит.

Убри адагьы азакәанапроект ашьашәалара ахә ашьара аџьармыкьаҟны, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭра апартниорцәа атәылақәа рыҟны аус зуа аԥснытәи аиҿкаарақәа разхаҵаразы аҭагылазаашьақәа аԥнаҵоит. Аилак азыӡба аднакылеит Апарламент  изаамҭанытәиу асессиа аилатәараҟны актәи аԥхьараан адкыларазы адгалара. 

Аилатәараан адепутатцәа алацәажәеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 13 рзы актәи аԥхьараан ирыдыркылаз «Афымцамч атарифқәа рышьҭыхра аанкыларазы" азакәан апроект.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба хадара ззиуа апарламенттә делегациа Москва имҩаԥысуаз Беларусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламентә Еизара асессиа иалахәхеит.  Апарламент аделегациа Москва инеит 2022 шықәса ԥхынҷкәынмза 22 рзы имҩаԥысуаз Беларусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламентә Еизара 63-тәи асессиа аҽалархәразы.

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аделегациа аилазаараҟны иҟан:

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа, аекономикатә политикеи, ареформақәеи, аинформациатә технологиқәеи рзы Аилак алахәылаҩ Вахтанги Голанӡиа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аппарат Анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.   

Ишәгәалаҳаршәоит, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Беларусиеи Урыстәылеи Реидгыла Апарламентә Еизараҟны есқьынагьтәи анаԥшҩы истатус шаҭоу 2008 шықәса жьҭаарамза 17 рзы Москва ақалақь аҟны имҩаԥысыз Беларуси Урыстәылеи Реидгыла Апарламентә Еизара 34 асессиа азыӡбала.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҟны имҩаԥысит В. Арӡынба ихьӡ зху  Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» хәҭа-хәҭалатәи аҿиаразы аплан апроект аӡыргара.

Ленаҳаиртәпроект  аҳаиртә транспорт апроекттә институт апроект-харџьынҵатә документациеи хәҭа-хәҭалатәи арҿиара аплан апроект азырхиареи аус рыдызуло аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҳаиртә баӷәаза аусура аларгаразы абри апроект иамоу аҵак ду.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса рзы Аҟәа ақалақь Апрокуратура Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика атәылауаҩ  Амер Халил иганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа  2, апункт «д» инақәыршәаны ацәгьоура инамаданы  ашьаустә усеилыргара хацнаркит.

Аԥсны Апрокуратура Хада апресс-маҵзура иҟанҵо адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса,  18 сааҭи 05 минуҭки инарзынаԥшуа, аамҭала Аԥсны, Аҟәа ақалақь,  Тоннельнаиа амҩа,  2-тәи атупик, аҩны № 3 аҿы инхо Амер Халил, иарбоу аҭыԥ аҿы дшыҟаз, иара уааҵәҟьа инхо Лиутова Ольга Виачеслав иԥҳаи иареи ажәақәа ааимаркит. Аконфликт аибарххара иахҟьаны иара гәымбылџьбарала лара аҳәызба лылеиҵеит, иара убри ала ирацәны ахәрақәа лиҭеит. Уи иахҟьаны Лиутова Ольга Виктор-иԥҳа иара уаҵәҟьа лыԥсҭазаара далҵит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса, асааҭ 00:00 инаркны Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи иаашьҭхо афымцамч звольҳараку ацәаҳәа «Ԥсоу - 220 кВ», иара убас Звольтҳараку ацәаҳәа ала «Гиачрыпш - 110 кВ» рыла аиқәыршәара аганахьала иалагалаз аԥкрақәа аԥыххоит.

Убри аан, Звольҳараку ацәаҳәа «Шешелети – 1», иара убас Звольҳраку ацәаҳәа  «Шешелети – 2» рҿы Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы иҟоу аӡы аҩаӡара иахәҭоу аҟынӡа ихалаанӡа аԥкрақәа шыҟац иаанхоит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.