Кәырбанныҳәа иугәаланаршәоит ахамеигӡареи арыцҳаибашьареи ирымоу иҵаулоу адоуҳатә ҵакы. Кәырбанныҳәа ацхыраара зҭаху рыцхыраашьа, рыдгылашьа унарҵоит. Иҳанаҳәоит ауаҩы ирыцҳашьареи, ҧсыцқьала изыҟазаашьеи иамоу аҵак ду атәы.
Абри амш аҽны Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, анасыԥ, ахирра. Кәырбанныҳәа Аԥсны иқәынхо ажәлар зегьы реилибакаареи, ирыбжьоу аԥхарреи, ракзаареи ирсимволхааит.
Ҽаанбзиала шәнеиааит!"