АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2023

Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны иқәынхо аԥсылманцәа Кәырбанныҳәа рыдиныҳәалеит.

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә Усбарҭа ахантәаҩы, амыфҭы Ҭемыр Ӡыба иахь иишьҭыз адныҳәалараҿы иҳәоуп: 

«Ҳаҭыр зқәу Ҭемыр Леонид-иԥа!

«Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә усбарҭеи Аԥсны Аҳәынҭқарра иқәынхо аԥсылманцәа зегьи   ирыдысныҳәалоит аԥсылманра аҵасқәа, ауаҩра, аламыс еиқәырханы иаазго рзы аҵак ду змоу Кәырбанныҳәа.

Аԥсны аԥсылманцәа Иаку рдоуҳатә усбарҭа ҳтәыла ауааԥсыра аӷьырак еиднакылоит, урҭ ҳҳәынҭқарра аԥсҭазаара иалахәуп, уи аԥеиԥш бзиазы анцәа иҳәоит. 

Кәырбанныҳәа ҩнаҭацыԥхьаӡа ирзаанагааит аҭынчра, ахирра».

 

 

 


Read 190 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 09:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.