Аҟәа. Рашәарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 27 рзы Москва иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аҿы ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара Ахаҭарнакра ахантәаҩы Милана Бжьаниеи Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара аҿар рыклуб акоординатор Иван Кулакови реиԥылара мҩаԥысит, ҳәа Ацҳаражәҳәарҭа аҟынтәи Аԥсныпрес ахь адырра ҟалеит.
Милана Бжьаниеи Иван Кулакови Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара Аҟәа ақалақь аҿы аусура апланқәеи аҿар рыклуб аҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Аиԥылара аҿы аганқәа аҵарауаа ҿарацәа адгылара рыҭареи урҭ Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазара инанагӡо анаукатә проектқәа ралархәреи шхымԥадатәиу азгәарҭеит, иара убас аԥсуа жәлар рҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара иазырхоу апроектқәа реицынагӡара ишазхиоу азгәарҭеит.
Алхас Кәыҵниа аҵарауаҩ қәыԥш Милана Бжьаниа амаҵураҭыԥ ҿыц лаҭара лыдиныҳәалеит, лаԥхьаҟа илзыԥшу аинтерес ду зҵоу аусура аҿы аихьӡара дуқәа лзеиӷьаишьеит.