АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Рашәара.2023

Гал ақалақь апарк Хада аҿы аиҭашьақәырыгларатә усурақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гал ақалақь апарк Хада акыр аамҭа ҵуеит аиҭашьақәыргылара аҭахны иҟоуижьҭеи.  Абар уажәы араҟа шьаҿа-шьаҿала аиқәыршәзааратә усурақәа рымҩаԥгара иалагеит.

Гал ақалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа ажурналистцәа дрыҿцәажәо, апарк Хада аҿы имҩаԥысуа аусура ахкқәеи урҭ рхыркәшара аҽҳәарақәеи ртәы иҳәеит.

«Нанҳәамза, 2022 шықәса рзы ақалақь ахада идҵаалеит аҭыԥантәи ауааԥсыра. Урҭ аҵыхәтәантәи 30–шықәса  ирылагӡаны изеиԥшразаалак зымҽхак дуу аусурақәа ахьымҩаԥгамыз апарк Хада аиҭашьақәыргылара азы аҳәара ҟарҵеит.   Ииашоуп, аамҭа-аамҭала араҟа арлашагатә фонарқәеи арымӡқәеи рыԥсахуан, аха уи азхоны иҟамызт, апарк аҿы зегьы реиҳа ихадоу – ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ыҟамызт», - ҳәа иҳәеит иара.

Ауааԥсыра рзыҳәамҭа данахәаԥш ашьҭахь, араион ахада адефекттә шәҟәынҵа аиқәыршәареи, анаҩс уи ашьаҭала апроект-харџьынҵатә доументациа ашьақәыргылареи рзы адҵа ҟаиҵеит.

Аҳәынҭқарратә експертиза ахысра ашьҭахь, Галтәи аргыларатә еилазаареи араион Ахадареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Иҳаҩсыз ашықәс жьҭаарамзазы апарк аиқәыршәазаара иазку аусурақәа хыцыркын.

Нарсоу Џьопуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аргыларатә усурақәа ҳазҭоу ашықәс лаҵарамза анҵәамҭазы ихыркәшазар акәын, аха иҟаз ақәоурақәа ирыхҟьаны арҭ аҽҳәарақәа ԥхынгәымза анҵәамҭанӡа инаскьагахеит.

«Аусурақәа ҩ-етапкны еихшан: актәи аетап аҟны иажәхьоу, асовет аамҭазы иҵырҵахьаз адренажтә шәырақәа рыԥсахит.  Аҩбатәи аетап аҿы аԥшахьысратә шьаҟамҩақәа  ирываҵаны ахаҳәтә цәхыԥқәа шьақәыргылахеит. Анаҩс арлашага фонарқәа ргылан, ашьаҟамҩақәа хаҳәцәыла ичаԥан. Арҭ амшқәа рзы апарк аҿы арымӡқәеи агәамсамҭаԥсарҭақәеи рыргылара мҩаԥысуеит. Убас ала, иахьазы иазԥхьагәаҭоу аусурақәа зегьы рҟынтәи 90% инареиҳаны инагӡоуп», - ҳәа иҳәеит Нарсоу Џьопуа.   

Апарк аиқәыршәазаара апроект анагӡара ахарџьхәыԥса – 5,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Имҩԥгахо аусурақәа зегьы рфинанстәра аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи имҩаԥысуеит.  

Апарк апериметр ала ахаҳәтә цәхыԥқәа рышьақәыргыларазы еиҭа аԥаратә хархәагақәа аҭаххоит. Араион Ахадара абиуџьет аиҭакрақәа ралагалареи иарбоу аусурақәа рынагӡаразы аԥара аԥшаареи рзы араионтә Еизара ашҟа азыҳәамҭа дәықәнаҵараны иҟоуп.   

Галтәи апарк ҩ-хәҭакны ишоуп: актәи ахәҭа – уи аԥшахьысырҭатә, анеиааиратә хәҭоуп, егьи агәырҿыхаратә хәҭоуп.

«Ҳара ҳҿар апарк ахь иааины рыԥсы ршьаратәы, акино иахәаԥшыртә иҟалоит. Ҳара уи азы апроектори аекран дууи ҳамоуп. Ҳара макьаназы уи еиуеиԥшым ачемпионатқәа рырбаразы мацара ҳхы иаҳархәоит. Ҳара иаҳҭахуп ара ашьапылампылтә матчқәа реиԥш амультфильмқәагьы рыхәаԥшразы алшара ҟаларц», - ҳәа иҳәеит Нарсоу Џьопуа.

Гал араион ахада Константин Ԥлиа еиқәыԥхьаӡаз рнаҩс апарк иахьаҵанакуа ҳаԥхьаҟа иҟалоит ихәыда-ԥсадоу аҳа «Wi-Fi», аҭыԥантәи ауааԥсыреи асасцәеи урҭ иадгыланы рфотоахьақәа ҭырхларц азы арт-обиектқәа шьақәыргылахоит. Иазԥхьагәаҭоуп иара убас апарк аҿы афонтан аргылара, иара убас апарктә рымӡқәа иԥшӡоу аҿахыбқәа рхаргылара.  

 

 


Read 250 times - Аҩаша, 27 Рашәара 2023 18:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.