АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2023

«Уҽалхәдуумтәын уаҵәтәи амш!»: Атлетикаластәи аиԥхныҩра мҩаԥысит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2023. Аԥсныпресс. Ареспубликатә акциа «Аԥсны аҿар анаркотикқәа ирҿагылоуп» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахаша, рашәарамза 28 рзы Жәларбжьаратәи анаркотикқәа рыдкылареи анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реиҭарсреи  рҿагылара Амш иазкны атлетикалас азы аиԥхныҩлара мҩаԥысит. Аиԥхныҩлара иалахәыз амшын аԥшаҳәа иаваршәны Алашарбага аҳабла аҟынтәи атеатралтә плошьад аҟынӡа иҩуан.   Аиԥхныҩлара адистанциа -  2,5 км. рҟынӡа инаӡоит.

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы Идрис Кара-Осман-оглы акциа атәы еиҭеиҳәеит.

«Иахьа ҳара Жәларбжьаратәи анаркотикқәа рыдкылареи анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа реиҭарсреи  рҿагылара Амш иазкны акциа мҩаԥаҳгоит. Сынтәа ҳара уи рашәарамза 25 рзы имҩаԥаагарц акәын, аха, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟаз ахҭысқәа инарымаданы, уи рашәарамза  28  ахь ииаҳгар акәхеит. Иахьатәи акциа рхы аладырхәуеит еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рыла зҽазыҟазҵо аспортсменцәа, атәыла анапхгара, араионтә комитетқәа рхыҭарнакцәа, ақалақьқәа Аҟәа, Гагра, Гәдоуҭа, Гал, Очамчыра, Гәылрыԥшь ауааԥсыра», –  ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Акциа иззыԥшыз раасҭа акыр еиҳаны ауаа рхы аладырхәит.

Акциа амҩаԥгарран ашәарҭадара аиқәыршәара ахахьы иагеит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.

«Ҳара акциа амҩаԥгараҿы ацхырааразы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь ҳадҵаалеит, урҭ ашәарҭадара аиҿкаараҿы ацхыраара ду ҳарҭеит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Акциа еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҟынтәи ирацәаҩны аволонтиорцәа рхы аладырхәуеит.   

«Акциа аԥсҭазаара еиҷаҳарала азнеиреи аҿар рыҩныҵҟа анаркотикқәа рыларҵәара аԥхьырҟәҟәаареи апропаганда аҟаҵара хықәкыс иамоуп.  Ҳара иаҳҭахуп аҿар еилыркаарц анаркотикқәа ральтернатива шыҟоу. Уи агәабзиара еиҷаҳарыла азнеиреи еиуеиԥшым аспорт хкқәа рыла аҽазыҟаҵареи ауп», - ҳәа иҳәеит иара.

Акциа иалахәыз зегьы хыхьтәи рышәҵатәы аҿы ианын «Уҽалхәдуумтәын уаҵәтәи амш!»ҳәа аҩыра. Урҭ иара убас ирнын зызганк шәҭыкакаҷуа, егьы зган хҩаау аҵла асахьа.

Ас еиԥш акциақәа есышықәса имҩаԥыслоит.

Ашьыжьымҭан иарбоу акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны, иара убас аҟәатәи аӡҭарчы аҿы имҩаԥысит 50 - 100 метра инаӡо адистанциа ала аӡсара.

Анаҩс акциа иацҵахеит Б.Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҿы. Араҟа изҭахыз зегьы амҵәышәмпыл 3х3, ашахматқәа, анардқәа, адомино ала еицлабыр рылшон.

Акциа еиҿнакааит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.  организовал Госкомитет Абхазии по делам молодежи и спорту.  


Read 205 times - Аԥшьаша, 29 Рашәара 2023 09:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.