
pressadmin-2
АБИУЏЬЕТИ АКРЕДИТТӘ ЕИҾКААРАҚӘЕИ АШӘАХТӘҚӘЕИ АФИНАНСҚӘЕИ РЗЫ АИЛАК «АФИНАНСТӘ ҚЬЫРА (АЛИЗИНГ) АЗЫ» АЗАКӘАН АПРОЕКТ АҨБАТӘИ АԤХЬАРАҾЫ АДКЫЛАРА АЗЫ АБЖЬГАРА ҞАНАҴОИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Беслан Ҳалуашь хантәаҩра ззиуаз абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи, афинансқәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара аҿы азакәан апроектқәа ҩба ирыхәаԥшит.
«Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект афинанстә қьыра (ализинг) азинтәии аиҿкаара-економикатә ҷыдарақәа алнакаауеит. Иарбоу азакәан апроект азкуп афинанстә қьыра, ахатәтәҩы изинқәа, аинвестициатә процесс иалахәу рзинқәа рыхьчара, аинвестициа алагалара хырҳага аманы аҟаҵара шьаҭас иаҭаны аарыхра ахархәагақәа рзы аинвестициақәа рформақәа рырҿиара.
Аилацәажәараан аилатәара алахәцәа ахәаԥшит адепутат Инар Гыцба ирыдигалаз арҽеирақәа жәпакы, азыӡбагьы рыдыркылеит абарҭ арҽеирақәа ҳасаб рзуны, Апарламент иабжьыргарц «Афинанстә қьыра (ализинг) азы» азакәан апроект ааигәа имҩаԥысраны иҟоу асессиа аилатәараҟны аҩбатәи аԥхьараан ишьақәырӷәӷәазарц.
АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҞНЫ ИААТУЕИТ АЦӘЫРГАҚӘҴА "АԤҲӘЫСИ АҞАЗАРЕИ. АҬОУРЫХИ ИАХЬАТӘИ ААМҬЕИ».
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 7, асааҭ 17:00 рзы ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны иаатуеит Аԥсны аҳәса-асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа «Аԥҳәыси аҟазареи. Аҭоурыхи иахьатәи аамҭеи». Ацәыргақәҵа Жәларбжьаратәи аҳәса рымш-Хәажәкыра 8 иазхоит.
Ацәыргақәҵа аҿы ицәыргақәҵахоит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥҵаз аҿыханҵақәа, аграфика, адекоратив-напкымҭатә ҟазара, уҳәа аекспозициақәа маҷымкәа.
Ацәыргақәҵаҿы аҭааҩцәа ахәаԥшразы ирыдгалахоит Марина Ешба, Варвара Бубнова, Ольга Брендель, Валентина Хәырхәмал, Зоиа Аџьынџьал, Венера Гагәылиа, Лиудмила Будиак, Мактина Ҵәыџьба, Диана Хьынҭәба, Аԥшьи Ҳагба, Асҭанда Адлеиба, Мариа Ԥлиа, уҳәа убас егьырҭгьы русумҭақәа.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСИТ АСАХЬАРКЫРАТӘ ГИМНАСТИКА АЗЫ АХӘЫҶТӘЫ-ҚӘЫԤШТӘ СПОРТ ШКОЛ ИААРТУ АԤХЬАХӘГАРА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит асахьаркыратә гимнастика азы аицлабрақәа, ҳәа иаанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа.
Асахьаркыратә гимнастика асекциа аатит ажьырныҳәамза, 2023 шықәсазы Аҟәатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорт школ №1 аҿы.
Агимнасткацәа азыҟалҵоит Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи ааԥхьара зауз азыҟаҵаҩ Ирина Китаева. Асекциа аҿы рҽазыҟарҵоит 2009-2011 шш. рзы ииз 80-ҩык рҟынӡа аӡӷабцәа.
АԤСНЫ АТУРИЗМ АМИНИСТРРА АҾЫ АТУРИЗМ АЗЫ АЗАКӘАН АПРОЕКТ ҾЫЦ АУС АДУЛАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм Аминистрра аҿы «Атуризм азы» азакәан апроект ҿыц аус адулара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аилатәара рхы аладырхәит ахылаԥшырҭа аусзуҩцәеи ааԥхьара зауз азиндырыҩцәеи.
Атуризм аминистр Ҭеимураз Хишба, атәыла аҿы ҳаамҭазтәи ареалиақәа зныԥшуа азакәан ҿыц адкылара аҭахны иҟоуижьҭеи акрааҵуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
ԤШЬ-НЫЗЫҚЬ ЦЫРА ИНАРЕИҲАНЫ АСИГАРЕҬ РЫМЫРХИТ АԤСНИ УРЫСТӘЫЛЕИ ИРЫБЖЬОУ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ҲӘАА АҾЫ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рыԥхьырҟәҟәаара аҟәша аусзуҩцәа ашьаҟамҩатә хырхарҭа «Экспорт» аҳазылхратә гәаҭара азона аҿы даанкыланы дгәарҭеит Аԥсны атәылауаҩ. Атәылауаҩ инапылеидара агәаҭараан идырбалеит иагьимырхит зхыԥхьаӡара 4580 цыра рҟынӡа инаӡоз Аԥсны акцизтә еизга адырга змаз аҭаҭын аалыҵ.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБ НАӠАӠЕ ИМҨАЛА ИГЫЛОУ АҨНЫ АҾЫ ИНХО АУАА ДАҼАЏЬАРА РНЫРХАРА АЗҴААРАҚӘА РЫЛА АИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Наӡаӡе имҩала игылоу аҩнеихагыла №3 аҿы инхо ауаа даҽаџьара рнырхара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҿы имҩаԥысыз аилатәара. Уи рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба, уи ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ашәба.
Аҳҭнықалақь ахадара анхарҭа ахәԥса ахарҭәаара, мамзаргьы уаанӡа изыҩназ анхарҭаҭыԥ амыцхәра аҳасабала даҽа нхарҭаҭыԥ ала реиқәыршәара азы заанаҵтәи аӡбамҭақәа рзы адырра рыҭан.
ХӘАЖӘКЫРАМЗА 6 - ФАЗИЛЬ ИСКАНДЕР ИИРА АМШ АУП.
Аҟәа. Хәажәкырамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа иазгәарҭоит ашәҟәыҩҩы ду, ахәыцҩы, адыр – Фазиль Абдул-иԥа Искандер иира Амш.
Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6, 1929 шықәса Аҟәа ақалақь аҿы, хылҵышьҭрала иџьамыз ақьырмыҭ зауад ԥыхьатәи ампыҵакыҩ иҭаацәараҿы. 1938 шықәсазы заԥхьаҟа ишәҟәыҩҩхараны иҟаз Фазиль иаб адепортациа аҳасабла Асовет Еидгыла далганы ддәықәҵахеит. Уаҳагьы аби аԥеи изеибамбаӡеит. Фазиль изҳауан Чегем ақыҭа, ианшьцәа рҿы.
1947 шықәсазы Фазиль Искандер Аҟәа ақалақь аҿы аурыс школ далгеит ахьтәы медал ала, анаҩс дҭалеит Москватәи абиблиотекатә Институт, 1951 шықәсазы дыиасит А.М.Горки ихьӡ зху Алитературатә Институт ахь. Уи далгеит 1954 шықәсазы. Аус иуан Курски Воронежи ргазеҭқәа рҿы. 1956 шықәсазы Аҟәаҟа дхынҳәит, Аҳәынҭқарратә ҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс аус иуан. Аҭаацәара даналала ашьҭахь, 1962 шықәса инаркны уи иааиԥмырҟьаӡакәа Москва ақалақь аҿы дынхон. Фазиль Искандер раԥхьаӡатәи ипоетикатә рҿиамҭақәа цәырҵит 1952 шықәса азы, раԥхьаӡа ипроза акьыԥхь абеит 1956 шықәсазы ажурнал «Пионер» адаҟьақәа рҿы.
ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ДОНБАСС ЕИБАШЬУАЗ РЫԤСЫБАҨ АԤСНЫҞА ААГАРА ЕИҾНАКААУЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа инапхгарала Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз ҩыџьа Аԥсны атәылауаа рыԥсабаҩ Аԥсныҟа раагара азы Донецктәи Жәлартә Република ахь амҩа иқәлеит.
«Ҩыџьа ҳтәылауаа ԥхынҷкәынмза анҵәамҭа 2022 шықәсазы Донецктәи Жәлартә Республика ахақәиҭтәра азы иҭахеит.
АԤСНЫ ЕИЗГОУ АКОМАНДА СТРИТЛИФТИНГ АЗЫ ИААРТУ АТӘЫЛАҾАЦӘТӘ ТУРНИР АҾЫ АКТӘИ АҬЫԤ ААННАКЫЛЕИТ.
Аҟәа. Хәажәкырамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Еизгоу акоманда стритлифтинг азы иаарту атәылаҿацәтә турнир аҿы актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааннакылеит.
Аԥснытәи аспортсменцәа стритлифтинги уи хазы игоу аелементқәеи рзы иаарту атәылаҿацәтә турнир рхы аладырхәит. Атурнир мҩаԥысит Краснодар ақалақь аҿы.
Марк Муслиумов акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы актәи аҭыԥ ааникылеит (+32 кь).
Беслан Абыхәба акырынтә еиҭаҟаҵаз аҽышьҭыхра (+32 кь), акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы (+48 кь), иара убас ҩ-хкык рыла аицлабраҿы «Multilift» (+32 кь/+48 кь) азы актәи аҭыԥ ааникылеит.
Ратмир Кархалаа адхра «Classic», акырынтә еиҭаҟаҵаз аҽышьҭыхра (+16 кь), акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра «Classic» азы актәи аҭыԥ ааникылеит, акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра азы аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит (+24 кь).
Леуан Бжьаниа адхра «Classic» аҿы, акырынтә еиҭаҟаҵаз адхра аҿы актәи аҭыԥ ааникылеит (+16 кь).
ГӘДОУҬА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИНХО АХАҴА ИДЫРБАЛЕИТ ИАГЬИМЫРХИТ АНАРКОЛИКАТӘИИ АРҨЫШЬЫГАТӘИ АМАҬӘАШЬАРҚӘА.
Аҟәа. Хәажәкырамза 4, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь инхо, 1977 шықәса рзы ииз Еныкь Алеқсеи Зураб-иԥа изакәанымкәа иаахәаны Аԥсныҟа иалеигалеит анаркотикатә маҭәашьар «метадон», иара убас 38 грамм рҟынӡа арҩышьыгатә маҭәашьар «Прегабалин», ҳәа ианацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Аоперативтә информациа ала аусмҩаԥгатә мҩаԥыргеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә усбарҭа аусзуҩцәеи Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрабати аҳазылхратә зинеилагарақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәеи.