
pressadmin-2
2022 ШЫҚӘСАЗЫ ҬҞӘАРЧАЛ АРАИОН АҾЫ АХАРХӘАРА ЗАУЗ АФЫМЦАМЧ АЗЫ АУАЛ 54,7 МЛН. МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠОИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәсазы Ҭҟәарчал араион абиуџьет анагӡара 105 % рҟынӡа инаӡеит. Абиуџьет аҟынтәи 80 % рҟынӡа ауалафахәи асоциалтә шәатәқәа ршәареи рахь идәықәҵахеит. Абри атәы иҳәеит Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аҿы ажьырныҳәамза 26 рзы, аԥшьаша анагӡаратә мчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы 2022 шықәсазы инагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Владислав Аршба.
Зынӡа араион аҿы аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара 9 783-ҩык рҟынӡа инаӡоит. 1393-ҩык аекономика еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аус руеит, 850-ҩык – абиуџьеттә усхкы аҿы.
Ҭҟәарчал араион асоциалтә еиқәыршәара аҟәша аҿы ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәсазы иҟаз адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоуп 4 402-ҩык, урҭ рахьынтә 2 753 -ҩык ақәра ала.
ОЧАМЧЫРА АРАИОН АБИУЏЬЕТ АХАШӘАЛАХӘЫТӘ ХӘҬА 131% РЫЛА ИНАГӠОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәстә план ала 133 млн мааҭ рыла ишьақәырӷәӷәоу Очамчыра араион абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа 172 млн 614 нызықь мааҭ рыла инагӡоуп, уи 131% рҟынӡа инаӡоит. Аныхтә хәҭа нагӡоуп 97% рыла. Абри азы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аҿы ажьырныҳәамза 26 рзы, аԥшьаша анагӡаратә мчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы 2022 шықәсазы инагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит Ҭҟәарчал араион ахада Беслан Бигәаа.
Араион ауааԥсыра рхыԥхьаӡара – 25 908 – ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ рахьынтә 5 244-ҩык – ақалақьтә уааԥсыроуп - 20 644-ҩык – ақыҭауаа роуп.
Економикала активра злоу ауааԥсыра, даҽакала иуҳәозар аус зуа ауааԥсыра рхыԥхьаӡара - 2 412-ҩык. Араион аҿы ауалафахәы абжьаратә ҩаӡара – 13 543 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Очамчыра араион аҿы 8 634-ҩык атәанчаҩцәа ыҟоуп.
3 065-ҩык аԥсуа тәанчахәи урыстәылатәи атәанчахәи роуеит, 5 569-ҩык – аԥсуа тәанчахәы мацара уп ироуа.
Аҵыхәтәантәи ҩы-шықәса рыла 10 категориак ирыҵанакуа атәанчаҩцәа рзы аԥсуа тәанчахәы иацҵахеит; ацҵа 3 млн 731 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит 2021 шықәса рзы.
2022 шықәса рзы – 4 млн 225 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
2021 шықәсазы аусура иалагеит асанатор-курорттә обиект «Золотое руно».
АԤСНЫ 5 863 ИНАРЗЫНАԤШУА АОБИЕКТҚӘА ИХАДОУ АГӘРАГАГАҚӘА РЫЛА АҲӘААНЫРЦӘТӘИ АТӘЫЛАУАА РХАРХӘАРАҾЫ ИҞОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Аотельқәа русура азы анорма-зинтә шәҟәынҵақәа рыдкылара атуристтә усхкы, иааизакны аекономика аҿиара азы акырӡа аҵанакуеит, - ҳәа аҩаша, ажьырныҳәамза 24 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иусбарҭа аҿы анагӡаратә мчра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа алархәны имҩаԥысыз аилатәара аҿы 2022 шықәсазы атәыла Анапхгара инанагӡаз аусура азы аҳасабырба ҟаҵо абри атәы далацәажәеит аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
«Жәларбжьаратәи аԥышәа, Урыстәылатәи Афедерациа аԥышәа ишаҳнарбо ала, хаҭалатәи ахархәара азы апартаментқәа раахәара, мамзаргьы рыргылара азы алшара хра злоу аекономикатә еффект аиуеит, атуристтә усхкы аҿиара иацхраауеит. Иарбоу абизнес аҿиара ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп ахархәара змам аҵакырақәа рхархәара, иара убас уи иашьашәалоу аенергетикатә, анџьныртә, анхаратә, атранспорттә, уҳәа аинфраструктура аԥҵара, мамзаргьы арҿиара, аинвестор ихарџь алагьы уахь иналаҵаны».
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ ЛЕВ КӘЫҴНИЕИ АԤСНЫ ИҶЫДОУ АҬАГЫЛАЗААШЬАҚӘА РЗЫ АМИНИСТРРА АҞӘШЕИҴАҚӘА РЕИҚӘЫРШӘАЗААРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниеи Ахылаԥшырҭа аҟәшеиҵақәа аматериал-техникатә еиқәыршәара азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аиԥылара аҿы ҳазҭалаз ашықәс азы Аминистрра ихадоу ауснагӡатәқәа ирзааҭгылеит.
ЖӘАБРАНМЗА 7 РЗЫ АԤСУА ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ ИМҨАԤЫСУЕИТ АБАС-ГИТАРАРҲӘАҨЫ АНТОН ДАВИДИАНЦИ АВОКАЛИСТКА ЛАУРА ВОДИАНИЦКАИЕИ РМАСТЕР–КЛАСС
Аҟәа. Ажьырныҳәа 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 7, асааҭ 12:00 рзы Чанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аконцерттә зал аҟны имҩаԥысраны иҟоуп абас-гитарарҳәаҩы Антон Давидианци авокалистка Лаура Водианицкаиеи рмастер-класс, ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Амастер-класс аҽалархәра азы азыҳәамҭа аашьҭызар ҟалоит абри аелектронттә ԥошьҭа ала: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees..
ГӘЫНДА КӘЫҴНИА АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БЫЗШӘАТӘ ПОЛИТИКА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ УСБАРҬА АНАПХГАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәында Кәыҵниа аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә усбарҭа анапхгаҩыс лыҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА АХАТӘЫ TELEGRAM-КАНАЛ ААНАРТИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа Аусбарҭа ахатәы Telegram-канал «АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ АВТОИНСПЕКЦИА» аусура иалагеит. Уи ахылаԥшырҭа аусура иазкхоит. Араҟа имҩаԥгахалоит амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа рганахьала актуалра злоу, хра злоу аинформациа зцу аилыркаагатә блок, атестқәа, уҳәа, ҳәа адырра ҟаиҵеит Аԥсны автоинспециа Аусбарҭа анапхгаҩы Баҭал Агрба.
2022 ШЫҚӘСА АИХШЬААЛАҚӘА РЫЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИУЏЬЕТ АНАГӠАРА 12 МЛРД 736 МЛН МААҬ РҞЫНӠА ИНАӠЕИТ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2022 шықәса аихшьаалақәа рыла аҳәынҭқарратә биуџьет анагӡара 12 млрд 736 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Уи ишьақәырӷәӷәаз арбагақәа раасҭа 1 млрд 273 млн. мааҭ рыла еиҳахеит. Ареспубликатә биуџьет азы азакәан ишьақәнаргыло аԥхьанаттәи апараметрқәа рганахьала, ахашәалахәытә хәҭа аизҳара 1 млрд 983 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, - ҳәа 2022 шықәсазы аусура аихшьаалақәа ирызкны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилатәара аҿы дықәгылауа адырра ҟаиҵеит аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
Аҳәынҭқарратә биуџьет ахатәы хашәалахәқәа 8 млрд 30 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 1 млрд 275 млн мааҭ рыла иалкааз арбагақәа раасҭа еиҳауп.
Атәыла анапхгара ахада аҳәынҭқарратә биуџьет ахашәалахәқәа рыструктура ҷыдала дазааҭгылеит.
«2022 шықәсазы ашәахтә лагалақәа 6 млрд 309 млн мааҭ рҟынӡа инаӡон, уи азеиԥш рбагақәа рҟынтәи 45,9% рҟынӡа инаӡоит; ишәахтәым ахашәалахәқәа 1 млрд 600 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит, хәыда-ԥсадатәи алагалақәа - 5 млрд 827 млн. мааҭ. Ишәахтәым ахашәалахәқәа рыла алагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ ихадоу ахәҭа абас ала ишьақәгылон: адәныҟаекономикатә усура аҟынтәи ахашәалахәқәа - 1 млрд 26 млн мааҭ, административтә шәатәқәеи аизгақәеи - 150 млн мааҭ, ахараԥсақәа, асанкциақәа, азарал ахарҭәаарақәа - 153 млн. мааҭ», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр.
ТАРАС ҲАГБА АԤСНЫ АҾАРИ АСПОРТИ РУСҚӘА РЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АХАНТӘАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Тарас Ҳагба Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
2022 ШЫҚӘСАЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ БИУЏЬЕТ ИАЛАЛЕИТ 4 МЛРД 285,2 МЛН МААҬ.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра 2022 шықәсазы аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны имҩаԥнагаз аусура аихшьаалақәа азԥхьагәаҭатә рбагақәа ирықәшәоит ҳәа иԥхьаӡоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи Рминистрра апресс-маҵзура.
2022 шықәсазы инагӡаз аусура аихшьаалақәа рыла, ашәахтәқәеи ихымԥадатәиу ашәатәқәеи раҳасабала аҳәынҭқарратә биуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ – 4 285,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан 2022 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз аплан ала иазԥхьагәаҭан – 3 526,3 млн. мааҭ. ( анагӡара 122% рҟынӡа инаӡоит, иааизакны иацҵан анагӡара – 759,0 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.), аизҳара адинамика – 126 %.