pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аинвалидцәа Рфонд аҿы еиҳа иуадаҩу, апроблема зцу аныхтә статианы иҟоуп – ахәшәтә маҭәашьарқәа раахәара.  Иарбоу ахәҭаҷ заҵәык ала ауп Афонд ауал злашьақәгылаз.  Уаҳа ауал ҳәа Афонд акгьы ақәӡам. Абри азы адырра ҟанаҵоит 1992 – 1993 гг. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд аофициалтә саит.  https://gfi-ra.org.

Аус аҿы иҟоу убри ауп, аинвалидцәа арецептқәа рзылызҩаауа аполиклиникақәа, лассы-лассы ҵаҵӷәыда зхымԥадатәра алаборатортә ҭҵаарақәа рыла ишьақәырӷәӷәам апрепаратқәа рхыԥхьаӡра инамыцхәны иацырҵоит. Рецептқәак рҿы иарбахоит 20-30 ахәшәқәа рыхьӡқәа.  Иаагохар, 2022 шықәсазы ахәшәқәа раахәаразы Афонд ахарџь  71 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан 500-ҩык инареиҳаны аинвалидцәа аҽыхәышәтәразы   Аԥсны анҭыҵҟа рышьҭра иақәхарџьхеит 45 млн. мааҭ.

Иҳаҩсыз ашықәс азы Афонд агәабзиарахьчара Аминистрра алархәны Ҭҟәарчал инаркны Гагранӡа аус зуа аполиклиникақәа зегьы рҿы агәаҭарақәа мҩаԥнагеит. Зехьынџьара аилагарақәа аарԥшхеит. Бжеиҳан арецептқәа анализқәа рыда, аҳақьымцәа рабжьгарақәа рыда, апациент дзызхьаауа азы иажәа ала, лаԥшылатәи агәаҭара мацара ашьҭахь арецептқәа ылырҩаауан. Иара убас аполиклиникақәа зегьы рҿы аҳасабырбара иадҳәаланы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Амбулатортә хсаалагақәа ишахәҭоу ала ихадырҭәааӡом. Агәаҭарақәа реихшьаалақәа рыла, аилагарақәа рырҽеира азы адҵақәеи анапынҵақәеи ҟаҵан. Иара убас, шықәсык ахь ҩынтә аполиклиника аҿы ашәҟәы иҭагалоу аинвалидцәа зегьы адиспансеризациа иахылароуп, аха уи мҩаԥыргаӡом.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәеи аҳазылхратә усбарҭа   «Гал» аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәеи, ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәсазы Гал араион Хьацҳа ақыҭан уаҩ дызхым аҩны аҿы агәаҭара анымҩаԥыргоз ирыԥшааит 36900 цыра рҟынӡа инаӡоз акцизтә дыргақәа змамыз аҭаҭын аалыҵ.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩа Аминистрра аҿы имҩаԥысит «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» анапхгаратә хықәкытә программа анагӡара азы аконкурстә Комиссиа алахәылацәа аԥхьатәи реилатәара.   Уи мҩаԥигон атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Баслан Џьопуа.

Аилатәара алахәылацәа аԥсшәа раҳәо, Беслан Џьопуа иҳәеит: «Агәыӷра сымоуп ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи иазоужьыз 100 миллион мааҭ хра злоу алҵшәақәа шаанарԥшуа. Иҳаҩсыз ҩы-шықәса алҵшәақәа ишаҳнарбаз ала, иааизкны апрограмма аихшьаала бзиақәа аиуит.  Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаз агхақәа ҳара жәаҳәарада ҳасаб азаауроуп, иҳарҽеироуп, инацҵаны аус рыдааулароуп. Ҳара оперативла аус аауроуп, аҭыԥқәа ҳарҭаароуп, иахәҭоу ацхыраара аҭаразы иҟоу аҭагылазаашьа ҳаблала иаабароуп. Уи иаанагаӡом ҳара проектқәак мап рцәаҳкыроуп ҳәа, аха ҳхықәкы хаданы иҟоу апрограмма алахәхара зҭаху ауаа хра злоу аԥшьгарақәеи  ацхыраареи рыҭара ауп. Сара сгәаанагарала, ҳусура аиҿкаара шҳалшо  ишаиашоу иадҳәалоуп иарбоу апрограмма азы иазоужьхо аԥаратә хархәагақәа рацҵара зыҟало изыҟамло», –  ҳәа иҳәеит иара.

Аминистрра аграномиа аҟәша аграном хада Ҭеваз Ачба иҳаҩсыз ҩы-шықәса ирылагӡаны инагӡаз апроектқәа дрылацәажәеит.

Убас, 2021 шықәса рзы ахықәкытә программа анагӡара алагара инаркны ақәыршаҳаҭра роуит  91 проект. Урҭ рхарџьынҵа азеиԥш еицҵалыҵ   77 млн. 48 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон,  2022  шықәсазы - 152 проект, урҭ рхарџьынҵа азеиԥш еицҵалыҵ - 76 млн. 611 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  Ихадоу ахырхарҭақәа — ари аҵиааӡара, арахәааӡара, имаҷу амеханизациа, ақыҭанхамҩа аалыҵ аус адулара.

«Ари еиҳа зҭаххара ҳараку ахырхарҭақәа роуп», –  ҳәа иҳәеит Ҭеваз Ачба. 

Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа ихантәаҩрала иаԥҵоу «2023 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара азы» Апрограмма анагӡаразы аконкурстә Комиссиа есымша аус зуа аилазаара шьақәырӷәӷәахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жәабранмза 2 рзы ироуз аоперативтә информациа рхы иархәаны аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәа аҳазылхратә хылаԥшра азона «Аимпорт» ахырхаҭа аҿы Аԥсны атәылауаҩ Башников Л.Г. зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит.   Агәаҭараан амашьына асалон аҿы апассаџьыр итәарҭа ашьҭахьтәи аган аҿы ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа ҩба.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса,   ажьырныҳәамза азы ареспубликатә биуџьеҭ иалагалахаз ашәахтә шәатәқәа реицҵалыҵ 247,2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Убри аан аплан ала ишьақәырӷәӷәаӷәан 185,8 млн. мааҭ., - ҳәа адырра ҟанаҵоит ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы Аминистрра аофициалтә саит. Азԥхьагәаҭатә рбагақәа рынагӡара 133% рҟынӡа инаӡеит. Фактла иалагалахаз ашәатәқәеи планла иазԥхьагәаҭаз ашәатәқәеи реицҵалыҵтә еиԥшымзаара – 61,4 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 2022 шықәсазы аиԥш зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, алагалара адинамика 135% рҟынӡа инаӡеит, уи аицҵалыҵ ааизакны – 63,8 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

2023 шықәса ажьырныҳәамза иалагӡаны ашәахтә шәатәқәа ралагалара араионқәа рыла абас иҟоуп:

Аҟәа ақалақь ала – 102,3 млн. мааҭ  рыла ишьақәыргылоу аплан ала иалагалахеит 128,3 млн. мааҭ, мамзаргьы даҽакала иуҳәозар –125% рҟынӡа инаӡоит.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 3 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аколлектив дыдирдырит анапхгаҩы инапынҵақәа рынагӡаҩыс иҟаҵоу Родик Базба.  

«Шәара зегьы ибзианы дыжәдыруеит Родик Виктор-иԥа, уи 20-шықәса инареиҳаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аҿы аус иухьеит.  Шәара зегьы шәҟынтәи сара сазыԥшуп ламысцқьала, ҳәоуеиқәшәарала аусура.  Иазгәасҭарц сҭахуп, Баҭал Агрба аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асистема аҿы даанхоит сара сыцхырааҩ иаҳасабала, уи ҳаԥхьаҟагьы шәусура аҿы ацхыраара шәиҭалоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр Вальтер Быҭәба.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра иатәу азеиԥшарратә хысырҭа «Нагвалоу» аҿы иҷыдоу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит. Араҟа артиллериатә, атанктә, амотохысратә ҟәшеиҵақәа   русура аметод ҿыцқәа аус рыдулара мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура. 

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ажьырныҳәамза 2023 шықәса рзы аҳазылхратә шәатәқәа реицҵалыҵ  183,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ажьырныҳәамза  2023 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз аплан 111% рыла инагӡоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны апрокурор Хада Адгәыр Агрба Аԥсны Аконтитуциа ахәҭаҷ  46 инақәыршәаны, азакәанԥҵаратә инициатива иашьашәаланы, Жәлар Реизара-Апарламент ахь идәықәнаҵеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура азы» азакәан апроект ҿыц.  

Апрокурор хада актәи ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа ихантәаҩрала «Аԥсны апрокуратура азы» азакәан аредакциа ҿыц апроект аус адулара азы аусуратә гәыԥ аԥҵан.  Аусуратә гәыԥ аилазаара иалалеит Апрокуратура Хада аусбарҭақәеи аҟәшақәеи рнапхгаҩцәа.

Аҟәа. Жәабранмза 3, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ала аҳазылхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аконтрбати аҳазылхратә цәгьоурақәеи рыԥхьырҟәҟәаара азы аҟәша аусзуҩцәа аҳазылхратә хылаԥшра азона аҿы Аԥсны атәылауаҩ зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит.  Амашьына аҩныҵҟа ашьҭахьтәи атәарҭа ашьҭахь иԥшаан Аԥсны аҳазылхратә ҵакыра аҟынтәи алгаразы азин ыҟам, зыкапан 61 кьыла рҟынӡа иҟоу аԥштәылатә металл (абҩа). Иарбоу административтә зинеилагара азы аматериалқәа зегьы аусеилыргаразы Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҳазылхратә  усеилыргарақәа рыҟәша ахь инашьҭуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.