АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Жьҭаара.2023

Атәылахьчара аминистр Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа – Жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа аиубилеитә медалқәа ранеишьеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атәылхьчара аминистр Владимир Ануа Жәлар Реизара-Апарламент VII ааԥхаьара адепутатцәа –  1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра  аветеранцәа «1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра» азы амедал ранеишьеит.

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 30-шықәса ахыҵра азгәаҭара аҳаҭыр азы амедалқәа ранашьахеит адепутатцәа Кан Кәарҷиа, Галуст Трапизониан, Адгәыр Ҳаразиа, Беслан Халуашь, Вахтанг Голанӡиа, Резо Занҭариа, Леонид Лакербаиа, Демур Гогиа,  иара убас Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат аусзуҩцәа Надежда Ашәба, Ирма Ҵулукиа, Гьаргь Ломиа, Мизан Ломиа.


Read 257 times - Аԥшьаша, 19 Жьҭаара 2023 11:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.