pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны афымцамч ала аиқәыршәара аԥкрақәа ралагалара азы аграфик аиҭакрақәа алагалоуп. «Аԥсны аенергосистема аҿы ақәыӷәӷәарақәа еиҟараны аихшара ахымԥадатәреи авариақәа рыԥхьырҟәҟәаареи инарымаданы, аԥкрақәа рыграфик аиҭакрақәа алагалахоит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч». сообщает РУП «Черноморэнерго».  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Аҟәа ақалақь агәабзиарахьчара Аусбарҭа анапхгаҩы Ирма Воуба  анапхгаратә ҳамҭа «Акоронавирустә ҿкы чымазара COVID-19 аҿагылара азы» амедал ланеишьеит.  

Агәабзиарахьчара аминистр Ирма Џьумка-иԥҳаи Аусбарҭа аколлективи ҳәоуеиқәшәарала, активла аусеицура азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Амшынеиқәафымцамч» афымцамч ала аиқәыршәара аҿы аԥкрақәа рзы аграфик ҿыц алагалара инамаданы, атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа рҳақьым хадацәа дрыҿцәажәеит.  

Амедицинатә усбарҭақәа рхадацәа афымцамч аамҭала аҿыхрақәа ишазыҟаҵоу атәы еиҭарҳәеит, убри аан араионтәии ақалақьтәии ахәышәтәырҭақәа зегьы адизельтә генераторқәа рыла еиқәыршәоуп ҳәа иазгәаҭан.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   2022 шықәса иалагӡаны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусбарҭа аусзуҩцәа рыла административтә зинеилагарақәа рзы зеицҵалыҵ  71 млн  389 нызықь 670 мааҭ рҟынӡа инаӡо ахараԥсақәа ылҩаахеит.

Зынӡа иааизакны ареспублика аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 70 430 автотранспорттә хархәагақәа.

Аҟәа. Жәабранмза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иналукааша алингвист, кавказдырҩы, Лондонтәи ауниверситет апрофессор Џьорџь Хьиуитт И.Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ҳамҭас еиҭеит зеиуа маҷу ҩ-томкны иҟоу, англыз бызшәала иҩу Дуглас Фрешфилд ишәҟәы «Кавказ аҭҵаара».  

Џьорџь Хьиуитт иааишьҭыз ашәҟәы аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп: 

«Иахьа зыԥсҭазаара иалҵхьоу абизнесмен, амиллионер, аҭоурыхҭҵааҩы, Аладатәи Кавказ аҭҵаара знапы алакыз, адәныҟатәи аусқәа ԥыхьатәи аминистр Аленн ииҩыз астатиа аҟынтәи сара еилыскааит уи Шәантәыла данаҭаауаз Британиатәи амузеи Акралтә географиатә еилазаареи рыхьӡала Местииатәи амузеи ҳамҭас ишаиҭаз шамахамзар уаҳа џьара иуԥыло, раԥхьатәи аҭыжьымҭа «Кавказ аҭҵаара». Ашәҟәы 1896 шықәсазы ҩ-томкны иҭыжьын, уи авторс даман  Дуглас Фрешфилд. Ари ауаҩ иоуп зегьы раԥхьаӡа кавказтәи аҳаракырақәа Ельбруси Ушбеи ахалара зылшаз.  Сара Местиа аҩынтәраан санаҭаааз аамҭазы усҟан амузеи адиректорс иҟаз Циала Чартолиани арҭ ашәҟәқәа сыблала рбареи рыкреи рзы азин сылҭарц слыҳәеит.  Сара усҟан гәаныла, мышкы зны абри еицырдыруа ашәҟәы ахкьыԥхьқәа раахәара хымԥада исылсыршароуп ҳәа исыӡбеит. Шықәсқәак рыҩныҵҟа сара зыхәԥса саиааиртә иҟоу ари аҭыжьымҭа лыԥшаах аекземплиар ахьырҭиуа сашьклаԥшуан. Аҵыхәтәаны сара арҭ ашәҟәқәа Дербишир ақалақь аҿы иҟоу, аиҳарак альпинизм атема ала аус зуа онлаин-адәқьын аҿы иаасхәеит. Исҭахыз ашәҟәқәа раахәара ахьсылшаз сгәырӷьара ҳәаа амамызт. Сыԥшәмаԥҳәыс Заиреи сареи даҽа екземплиарк аахәаны Аԥсны Амилаҭтә библиотека ҳамҭас иаҳҭаразы иҳаӡбеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуристтә дәыӷба «Шәача» мшаԥымза 29 инаркны цәыббрамза 30, 2023 шықәса рҟынӡа ареисқәа нанагӡалоит. 

«Ари адәыӷба аҷыдаҟазшьаны иамоу авагаонқәа ринтериер зегьы иҳаҩсыз ашәышықәса 70-80-тәи ашықәсқәа рыстилистика иахьақәшәо ауп. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы аҳәаахьчаратәии аҳазылхратәии апроцедурақәа зегьы ауаҩы дмыргәамҵкәа ирмарианы имҩаԥысуеит, амҩазы иазԥхьагәаҭоу аамҭа иахымԥаӡакәа аныҟәарагьы маншәаланы имҩаԥысуеит»,  – ҳәа Урыстәылатәи Аихамҩақәа рыпресс-маҵзура ахь азхьарԥш ҟаҵо адырра аланарҵәоит асаит https://sochinews.io.

Амҩан адәыӷба ҭыԥқәак рҿы аанкыларақәа азԥхьагәаҭоуп – Лазаревск, Лоо, Дагомыс, Шәача, Адлер, Имеретинтәи акурорт, Весиолое, Цандрыԥшь.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба афбатәи ааԥхьара адепутатцәа, аекспетрттә фонд «Аамҭа» ахаҭарнакцәа Натали Смыри Алхас Џьынџьали дырԥылеит.

Аиԥылара ихы аладырхәит Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алхас Ҳагба, адепутат Инар Гыцба.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура «ТАСС» адиректор хада Сергеи Михаилов аколлективи анапхгаҩы Манана Гәыргәылиеи   Аԥсны аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аԥҵара Амш рыдиныҳәалеит.

«Иахьа Аԥсныпресс хыԥхьаӡара рацәала аԥхьаҩцәеи аколлегацәеи рзы авторитет ду змоу аинформациа ахыҵхырҭаны ишыҟац иаанхоит.  Ажурналист иуалԥшьа анагӡара, аобиективра, аудиториа аҿаԥхьа аҭакԥхықәра, - есымша Шәара шәусура ихадоу ахырхарҭақәаны иҟан. Агәра ганы сыҟоуп, шәырҿиаратә коллектив аринахысгьы адунеизегьтәи аинформациатә ҵакыра аҿиара апроцесс ахатәы лагала алагалара ишацнаҵало. Исымоу алшара схы иархәаны, ҳаԥхьаҟа ҳмаҵзурақәа рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара сганахьала адгылара шаҭахо азгәасҭарц сҭахуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аидгьылуаа Рассоциациа аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аԥҵара амш инамаданы уи анапхгараҭареи аколлективи ирыдныҳәалоит.   

«28 шықәса ирылагӡаны «Аԥсныпресс» аофициалтә, ииашоу, иҵабыргу, аобиективтә, актуалра злоу аинформациа иахыҵхырҭаны иҟоуп.  Уи иарҵабыргуеит «Аԥсныпресс» иахьазхьаԥшуа иналукааша урыстәылатәии мрагыларатәии амассатә информациа ахархәагақәа. Аинформациатә ҵакыра аҿы обиективла аусура азнеишьа аредакциеи уи анапхгареи рзанааҭтә дырра аҩаӡара аҳаракра арҵабыргуеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура ахаҭарнак Контантин Козлови реиԥылара аҿы аҩганктәи аусеицура аҳәаақәа рырҭбаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.

Ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбараҿы Аԥсни Урыстәылеи рҳазылхратә маҵзурақәа роперативтә усеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәаҭо Алеқсандр Анқәаб Константин Козлов Аԥсны амчратә усбарҭақәа зегьы аҩганк рзы аинтерес зҵоу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара аҭара ишазхиоу азы адырра ииҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.