АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2023

Аԥсни Урыстәылеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аилибакаара азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩраны иҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аомбудсмен Анас Кьышьмариа Урыстәыла аомбудсмен Татиана Маскалькова лааԥхьарала Москваҟа дцеит.

Ԥхынгәымза 13 азы аҩ-тәылак рзинхьчаратә институтқәа рыбжьара аганқәа реилибакаара азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат апресс-маҵзура.

«Ҳколлегацәа ҳареи ҳабжьара жәларбжьаратәи аимадара арӷәӷәара Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу иусура ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп. Ҳтәылауаа зегьы раасҭа изҭаауа тәыланы иҟоуп Урыстәыла, убасҵәҟьа Аԥсны иаҭаауа атуристцәа рӷьырак  – Урстәыла атәылауаа роуп. Акультуратә, аекономикатә, асоциалтә, уҳәа ҳтәылеи Урыстәылатәи Афедерациеи аԥсҭазаарашьақәгыларатә аспектқәа даараӡа еимадоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп апресс-маҵзура иҟанаҵо адырраҭара аҿы.

Иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ромбудсменцәа русеицура аҳәаақәа рырҭбаара Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿиара иацхраауа ҭагылазаашьаны ишыҟоу  азгәаҭоуп. 


Read 201 times - Аԥшьаша, 13 Ԥхынгәы 2023 18:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.