АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа рахь аҳәара ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа аусура иазкны адырраҭарақәа рыҟаҵараан агәҭакиашареи аҳаҭырқәҵареи аадырԥшларц.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура амассатә информациа  ахархәагақәа рхаҭарнакцәа, аблогерцәеи ауаажәларратә журналистцәеи рахь аҳәара ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа аусура иазкны адырраҭарақәа рыҟаҵараан агәҭакиашареи аҳаҭырқәҵареи аадырԥшларц.

«Ҵыбыргуп, иахьа Аԥсны акәша-мыкәша, иара адунеи зегьы аҿы ишьақәгыланы иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҿы ҳара зегьы даара агәҽанызаареи аобиективреи хымԥада иааҳарԥшлароуп. Иахьа  Аԥсны иазку иарбанызаалак аинформациа атәыла аҿагылаҩцәа рганахьала ҳреспублика азы хра злам ахархәара аиур алшоит.

Убри инамаданы, атәылахьчара Аминистрреи Арбџьарсқәеи русура азы адырраҭарақәа рыҟаҵараан зыгәра угар ҟало, ииашоу ахыҵхырҭақәа рхархәара, ироуз аинформациа аларҵәара аԥхьа ишахәҭоу ала агәаҭареи, аобиективреи ганкы адымцәалара апринцип ақәныҟәареи рзы аҳәара ҟанаҵоит.

Авторитет змоу амассатә информациа ахархәагақәагьы зны-зынла агха роур шыҟало, ииашам, еилкаам, ишьақәырӷәӷәам аинформациа ала адырраҭарақәа рыҟаҵара шалшо дырны, атәылахьчара Аминистрра  ианаҭахха азы иаартны аимадара ашьақәыргылареи аконсультациақәа рыҭареи Арбџьармчқәа русура азы аинформациа ашьақәырӷәӷәара, мамзаргьы аҿаԥҽра иазхиоуп», - ҳәа иазгәаҭоуп атәылахьчара Аминистрра иаланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.


Read 205 times - Аԥшьаша, 13 Ԥхынгәы 2023 18:33
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.