АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынгәы.2023

Аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» Гагра араион аҿы ааигәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа зегьы рықәгара мҩаԥнагеит.

Иҟаз амшцәгьа иахҟьаны ааха роуит аихамҩа аучасткақәа жәпакы. Уи азы аихамҩатә еимадара аамҭала иаанкылахеит.  

Аԥснытәи аихамҩа аспециалистцәа ԥшьымш ирҭагӡаны ихымԥадатәииз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы рхыркәшара рылшеит.

Адәыӷбақәа зегьы реихшанҵа инақәыршәаны аҵыхәтәантәи раанҿасырҭа  авокзал «Аҟәа» аҟынӡа ицоит.

«Аԥснытәи аихамҩақәа» адиректор Хада Арсоу Ҷыҭанаа Анаплакы аҟәшеиҵақәа зегьы русзуҩцәеи урҭ урыстәылатәи рколлегацәеи аихамҩа аиҭашьақџәыргыларазы инарыгӡаз аусура шьахә азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

 

 


Read 226 times - Ахәаша, 14 Ԥхынгәы 2023 09:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.