АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Ԥхынгәы.2023

Шықәсыбжак рыла 400-ҩык инарзынаԥшуа аҳәаахьчаратә режим еилазгаз раанкылара алыршан.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса актәи азыбжазы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭаразы афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыла 400-ҩык инарзынаԥшуа аҳәаахьчаратә режим еилазгаз раанкылара алыршахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.

Аԥсны административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара»; ахәҭаҷ 1901 «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара"; ахәҭаҷ 1902 «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи амшынтә ҵакырақәеи атерриториалтә мшыни рзы аҳәаахьчаратә режим аилагара»; рзы иаанкылоу атәылауаа административтә хьырхәра иақәыршәоуп.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәеиндыла ахәҭаҷ 324, ахәҭа  1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа изакәанымкәа ахысра" азы ихацыркуп ф-усеилыргарак.

Еиуеиԥшым азкызаара змоу аидарақәа Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа рахгара азы аа-ҽазышәарак рыԥхьырҟәҟәаара алыршахеит: ирымхуп 600 блок инареиҳаны аҭаҭын аалыҵ, ф-цыра рҟынӡа амаининг азы ашьақәыргылагақәа.   

Изакәаным аусура аиҿкаареи анагӡареи знапы алаку ауаа рганахьала Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара инақәыршәаны  азинтә ԥхықәра рыҭара иазку ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп.


Read 203 times - Ахәаша, 14 Ԥхынгәы 2023 10:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.